Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аракьыҽытәи ашкол актәи акласс ахь хҩык аҵаҩцәа неиуеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Последний звонок во второй средней школе
Последний звонок во второй средней школе  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.08.2023
Анапаҵаҩра
Адыррақәа рымш аламҭалаз, нанҳәа 31 азы Аркьыҽы иаадыртит абылра ашьҭахь еиҭашьақәдыргылаз ашкол. Ауснагӡатә далахәын атәыла ахада Аслан Бжьаниа.
АҞӘА, нанҳәа 31 – Sputnik. Цәыббра аказы Очамчыра араион Аракьыҽытәи ашкол актәи акласс ахь хҩык аҵаҩцәа неиуеит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит ашкол адиректор Гехануш Кансузиан.
Сынтәа ара 80-ҩык рҟынӡа аҵара рҵалоит, азыҟаҵаратә класс ахь инеиуеит фҩык, актәи акласс ахь – хҩык лҳәеит Кансузиан.
Аремонт ашьҭахь ахыбра ссируп, арҵаҩратә коллектив аусура иазыхиоуп лҳәеит ашкол адиректор.
"Аклассқәа хиоуп, аҩнымаҭәа аахәоуп. Уаҵәы, асааҭ 9 рзы аҵаҩцәа арахь ршьаҿа еихыргоит. Ари ныҳәоуп аҭаацәа, арҵаҩцәа, ахәыҷқәа рзы. Иахьа асасцәа дуқәа ҳҭан – атәыла ахада, аҵара аминистр, адепутатцәа, араионтә ҵара аҟәша аиҳабы, Аԥсны ашколқәа рдиректорцәа", - лҳәеит Кансузиан.
Президент  Аслан Бжания принял участие в открытии восстановленной после пожара средней школы Аракич  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.08.2023
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Аракьыҽи Аҭареи ашколқәа дырҭааит
Гехануш Кансузиан иазгәалҭеит ашкол ҟамлар ақыҭагь шыҟамло.
2023 шықәса хәажәкырамзазы Аркьыҽы ақыҭан ашкол блит. 76-ҩык аҵаҩцәа аднакылеит Аҭаратәи ашкол.
Ажәабжьқәа зегьы
0