Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Арышԥҳа леибашьратә мҩазы: ахацәа уандрыдгыло, уаргьы ухаҵахоит

Дцон аԥҳәызба еибашьра: Марина Арышԥҳа леибашьратә мҩа иазкны
Анапаҵаҩра
Арадио Sputnik ихацнаркит аибашьра мҩа ианысыз аҭыԥҳацәа ирызку апроект ҿыц "Дцон аԥҳәызба еибашьра". Араҟа аҭыԥҳацәа ихыҭҳәаам рыхҭысқәа еиҭарҳәалоит.
Адырраҭара раԥхьатәи асас "Агәымшәараз" амедал занашьоу, арҵаҩы - Марина Арышԥҳа. Арышԥҳа арадиоефир аҿы еиҭалҳәеит аибашьра дцаразы аидара ашьҭыхразы лышҽазыҟалҵози атҟәацәа хылаԥшра шрылҭози ртәы.
Аибашьра ианалага Марина Арышԥҳа 28 шықәса лхыҵуан, Тҟәарчал дыҟан. Уаанӡа рҵаҩыс аус зуаз, усҟангьы ашкол ахь дцеит, аха аус ууртә аҭагылазаашьа ыҟамызт, ҳәа лгәалалыршәоит Марина аибашьра раԥхьатәи амшқәа.
"Сара сырҵаҩуп – гәаҭалагьы. Аибашьра иалагаанӡагьы рҵаҩыс аус зуан. Аибашьра ианалага гәаанагарас исоуз еибашьра сцоит акәым – цхыраарас исылшои, иҟасҵарц исылшои ҳәа акәын. Асовет аамҭа иааӡаз абиԥара ҳахәаԥшуан асахьаркыратә фильмқәа уа иаҳбон аҳәсагьы ирылшоз, убриала ҳааӡан, сазхәыцит исылшома ҳәа. Аԥсы иалгара, ахәы ицхыраара, мчы дук сымамызт. Авоенкомат аҿы саннеи- мап ҳәа сарҳәеит. Анаҩс сыҽԥысшәон аидара ашьҭыхраҿы. Ацхыраара аҭара атәы здыруан, аха аидара ашьҭыхра атәы маҷк сацәшәон", - еиҭалҳәеит Арышԥҳа.
Марина Арышԥҳа илгәалалыршәеит аџьаԥҳаны даҵаланы хҩык атҟәацәа лыманы аҭабиа аҟынӡа ишналгаз, апулемиот ала дышхысуаз. Ацхыраара рыҭатәын ҳаҷкәынцәа, сара сыцхырааҩын аибашьраҿы, убас акәын схы шызбоз, ахацәа уандрыдгыло, уаргьы ухаҵахоит, ҳәа наҵылшьит аибашьра аветеран.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0