https://sputnik-abkhazia.info/20230905/mushni-lashria-85-shysa-ikhyra-akhala-aatit-asuaaarat-ay--1047827404.html
Мушьни Лашәриа 85 шықәса ихыҵра ахьӡала аҭҵарадырратә конференциа аатит
Мушьни Лашәриа 85 шықәса ихыҵра ахьӡала аҭҵарадырратә конференциа аатит
Sputnik Аҧсны
Аԥсуа литература аклассикцәа иреиуоу, Аԥсны Жәлар рпоет, аиҭагаҩ, алитературатә критик, иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа, аорден "Ахьӡ-Аԥша" I аҩаӡара занашьоу... 05.09.2023, Sputnik Аҧсны
2023-09-05T16:00+0300
2023-09-05T16:00+0300
2023-09-05T16:07+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/09/05/1047823346_0:120:1280:840_1920x0_80_0_0_1ca04f869a3ded939c54406881be907b.jpg
АҞӘА, нанҳәа 5 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны Мушьни Лашәриа 85 шықәса ихыҵреи ирҿиаратә ҟазара 70 шықәса ахыҵреи рыхьӡала иаатит аҭҵарадырратә конференциа. Ауснагӡатә аартуа Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба иҳәеит, Мушьни Лашәриа ирҿиамҭақәа амилаҭ литература дырбеиеит ҳәа, иазгәеиҭеит, Лашәриа ирҿиарамҩа дшанылаз данқәыԥшӡаз – 15 шықәса данырҭагылаз. 70 шықәса рыҩнуҵҟа автор аԥхьаҩцәа ҩымҭа ссирла ргәы хихуеит. Дырмит Гәлиа, Баграт Шьынқәба, егьырҭ ҳаклассикцәа рымҩа наигӡоит Мушьни Лашәриа иҳәеит Ашәба, арҿиараҿы ақәҿиара дуқәа изеиӷьеишьеит.Аԥсуа Иашахаҵаратә уахәама ахада, аиереи Аб Бассариан (Аԥлиаа) Лашәриа изеиӷьеишьеит агәабзиара зҩыда, аманшәалара, арҿиаратә гәаԥхара. Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Уасил Аҩӡба иқәгылараҿы иазгәеиҭеит, Мушьни Лашәриа ирҿиамҭа алагамҭазы амилаҭ литератураҿы асахьаркыратә рҿиамҭақәа аинтерес ду рыманы ишыҟаз. Мушьни Лашәриа даҵанакуеит аԥсуа шәҟәыҩҩцәа ахԥатәи рабиԥара, иҭыԥ ӷәӷәаҟацаӡа иааникылеит, ари ара иҟыбаҩ ҷыдоуп изыбзоуроу иҳәеит Аҩӡба. Мушьни Лашәриа 85 шықәса ихыҵреи ирҿиаратә ҟазара 70 шықәса ахыҵреи рыхьӡала иаатыз Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа ҩымш ицоит. Мушьни Лашәриа – Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алахәыла иаша, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аԥхьахә алауреат, Шоҭа Русҭавели ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аԥхьахә алауреат, Антон Дельвиг ихьӡ зху аԥхьахә алауреат, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла, СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа ахантәаҩы.
https://sputnik-abkhazia.info/20230905/mushni-lashria-ipoezia-azy-sazaaras-isyman-1047815856.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/09/05/1047823346_0:0:1280:960_1920x0_80_0_0_9f861d7a792d76707860014e7dd8a899.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Мушьни Лашәриа 85 шықәса ихыҵра ахьӡала аҭҵарадырратә конференциа аатит
16:00 05.09.2023 (ирҿыцуп: 16:07 05.09.2023) Аԥсуа литература аклассикцәа иреиуоу, Аԥсны Жәлар рпоет, аиҭагаҩ, алитературатә критик, иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа, аорден "Ахьӡ-Аԥша" I аҩаӡара занашьоу Мушьни Лашәриа ажьырныҳәа 16 рзы иазгәеиҭеит 85 шықәса ихыҵра.
АҞӘА, нанҳәа 5 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны Мушьни Лашәриа 85 шықәса ихыҵреи ирҿиаратә ҟазара 70 шықәса ахыҵреи рыхьӡала иаатит аҭҵарадырратә конференциа.
Ауснагӡатә аартуа Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба иҳәеит, Мушьни Лашәриа ирҿиамҭақәа амилаҭ литература дырбеиеит ҳәа, иазгәеиҭеит, Лашәриа ирҿиарамҩа дшанылаз данқәыԥшӡаз – 15 шықәса данырҭагылаз.
70 шықәса рыҩнуҵҟа автор аԥхьаҩцәа ҩымҭа ссирла ргәы хихуеит.
Ашәба иазгәеиҭеит, Мушьни Лашәриа ишианашьоу "Евгени Онегин" аԥсшәахь еиҭагамҭазы Пушкин иаԥхьахә. Ацеремониа мҩаԥысуан Кремль, аҳамҭа аиубилиар инапы иаиркит Дмитри Медведев.
Дырмит Гәлиа, Баграт Шьынқәба, егьырҭ ҳаклассикцәа рымҩа наигӡоит Мушьни Лашәриа иҳәеит Ашәба, арҿиараҿы ақәҿиара дуқәа изеиӷьеишьеит.
Аԥсуа Иашахаҵаратә уахәама ахада, аиереи Аб Бассариан (Аԥлиаа) Лашәриа изеиӷьеишьеит агәабзиара зҩыда, аманшәалара, арҿиаратә гәаԥхара.
Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Уасил Аҩӡба иқәгылараҿы иазгәеиҭеит, Мушьни Лашәриа ирҿиамҭа алагамҭазы амилаҭ литератураҿы асахьаркыратә рҿиамҭақәа аинтерес ду рыманы ишыҟаз.
Мушьни Лашәриа даҵанакуеит аԥсуа шәҟәыҩҩцәа ахԥатәи рабиԥара, иҭыԥ ӷәӷәаҟацаӡа иааникылеит, ари ара иҟыбаҩ ҷыдоуп изыбзоуроу иҳәеит Аҩӡба.
Мушьни Лашәриа 85 шықәса ихыҵреи ирҿиаратә ҟазара 70 шықәса ахыҵреи рыхьӡала иаатыз Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа ҩымш ицоит.
Ажәлар ирылҵыз апоет: Мушьни Лашәриа алитература аҳаракырахь имҩа
Мушьни Лашәриа (ахԥатәи хыхь армарахьтәи аган аҿы) иклассаа рыгәҭа – Кәтолтәи аашықәсатәи ашкол аушьҭымҭацәа, 1953 шықәса.

Апоет иԥсадгьыл аҟны адагьы, деицырдыруеит уи анҭыҵгьы. Мушьни Лашәриеи аҳәаанырцәтәи арҿиаҩцәеи аимадара бзиақәа рыбжьан, ирыбжьоуп иахьа уажәраанӡагьы. Ари афото аҿы иареи аурыс шәҟәыҩҩы Алексеи Твардовскии, 1965 шықәса.

Мушьни Лашәриа (ахԥатәи хыхь армарахьтәи аган аҿы) активла далахәын Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә ҵараиурҭаҿы еиҿкааз алитературатә гәыԥ аусура, 1957 шықәса.

Ари афото ҟаҵан алитературатә гәыԥ аилатәараан - Мушьни Лашәриа иҩызцәа иҩымҭақәа руак дырзаԥхьоит.

Мушьни Лашәриа рҿиаҩык иаҳасабала ишьақәгылареи иеизҳареи аамҭақәа мҩаԥысит Москва, Алитературатә институт аҿы аҵара аниҵоз.

Аԥсны Жәлар рпоет иԥшәмаԥҳәыс еицырдыруа ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩ Аслан Оҭырба иԥҳа Елена лакәын.

Аслан Оҭырба иҭаацәа: иԥшәма Татиана Оҭырба-Конџьариа, иԥҳацәа Елена, Алла, Лиудмила, имаҳә Мушьни Лашәриа.

1982 шықәса рзы аԥсуа шәҟәыҩҩцәа гәыԥҩык рфото еицҭырхит Кәыдры аӡиас иаԥну адгьылқәа рахь ныҟәара ианыҟаз. Армарахьтә арӷьарахь: Никәала Ҳашыг, Алықьса Гогәуа, Мушьни Лашәриа, Алықьса Џьениа, Алықьса Џьонуа, Владимир Анқәаб, Кәымф Ломиа, Никәала Кәыҵниа.

Мушьни Лашәриеи Елена Оҭырԥҳаи (лыԥсҭазаара далҵит 1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь) ирааӡеит ҩыџьа аԥҳацәа.

Ари афото аҿы еицырдыруа апоет Андреи Вознесенскии Мушьни Лашәриеи асахьаркыратә ажәа еимырдоит, 1984 шықәса.

Мушьни Лашәриа гәык-ԥсыкала аԥсуа милаҭтә маҭәа бзиа ибоит. Иара уи ишәҵаны асасцәа дахьқәа дырԥылоит, аԥсуа интеллигенциа ахаҭарнакцәа уҳәа идикылоит Кәтол ақыҭан игәараҭаҿы.

Аԥсны Жәлар рпоет идгыланы рпатреҭ ҭырхыр рҭахуп адунеи аҿы еицырдыруа аеҵәахәқәагьы, иаҳҳәап ашәаҳәаҩ Миреи Матье.

Мушьни Лашәриа напхгара аиҭоит Аԥсуаҭҵааратә институт алитература аҟәша, Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа, иара убри аан арҿиара дшаҿыц даҿуп.

2010 шықәса рзы Урыстәыла ахада Дмитри Медведев Мушьни Лашәриа ииҭеит А.С. Пушкин ихьӡ зху амедал еицырдыруа ароман "Евгени Онегин" аԥсшәахь иахьеиҭеигаз азы.

Аԥсны иҟаз Урыстәыла уаанӡатәи ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианини Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриеи Аԥсны Пушкин иирамш аназгәарҭоз.

2018 шықәса рзы, 80 шықәса ихыҵра аҳаҭыр азы Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Мушьни Лашәриа "Ахьӡ-Аԥша" I аҩаӡара ианеишьеит.

Мушьни Лашәриа – Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алахәыла иаша, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аԥхьахә алауреат, Шоҭа Русҭавели ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аԥхьахә алауреат, Антон Дельвиг ихьӡ зху аԥхьахә алауреат, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла, СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа ахантәаҩы.