https://sputnik-abkhazia.info/20230907/2023-shysazy-atyla-akhada-irezervt-fond-60-asabarat-rytsaraa-raykhra-iakharup-1047873162.html
2023 шықәсазы атәыла ахада ирезервтә фонд 60% аԥсабаратә рыцҳарақәа раԥыхра иақәхарџьуп
2023 шықәсазы атәыла ахада ирезервтә фонд 60% аԥсабаратә рыцҳарақәа раԥыхра иақәхарџьуп
Sputnik Аҧсны
Аслан Бжьаниа араионқәа рхадацәа, Аиҳабыра рхада, АҶА анапхгара, Афинансқәа рминистр, Акапиталтә ргылара аиҳаби алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит 2023 шықәсазы... 07.09.2023, Sputnik Аҧсны
2023-09-07T09:00+0300
2023-09-07T09:00+0300
2023-09-21T16:41+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/09/06/1047872028_0:37:736:451_1920x0_80_0_0_7d8e6abff7ea54768d9432eae883d377.jpg
АҞӘА, цәыббра 7 - Sputnik. 2023 шықәсазы аԥсабаратә рыцҳарақәа разԥхьагәаҭареи рыхҟьаԥҟьақәа раԥыхреи ирыхҭынҵоуп 211 млн мааҭ. Ари афонд аҟынтәи 60% артәоит ҳәа иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба. Аԥыза-министр Александр Анқәаб иазгәеиҭеит арезервтә фонд аҽа 100-150 млн мааҭ шацҵатәу, избанзар аиҳарак асоциалтә уадаҩрақәа – аҵара, ахәшәтәра, аԥсабаратә рыцҳарақәа рҭыԥ рықәҵара ирзырхоуп. Аԥсны АҶА аминистр Лев Кәыҵниа иазгәеиҭеит аԥшаҳәа иахьаҵанакуа аргыларақәа хылаԥшра рыҭаразы иаку асистема шаԥҵатәу. Гагра араион ахада Иури Хагәышь иҳәеит 447 рзаҳал ирыхәаԥшны ҩымчыбжь рыҩнуҵҟа 8,5 млн мааҭ шшәахо. "Аӡәгьы цхыраарада, дгыларада даанҳажьуам", - иҳәеит атәыла ахада. Акапиталтә ргылара аиҳабы Ҭемыр Агрба иҳәеит иахьазы Гагра араион аҿы аусурақәа зегь шынагӡоу."Аԥсныҟәарахьчара" аусурақәа хнаркәшеит Гагра араион аҿы. Аусурақәа атәыла ахада ирезервтә фонд аҟынтәи 9 млн 48 нызқьмааҭ рыхҭынҵоуп.Очамчыра араион аҿы 2023 шықәсазы аԥсабаратә рыцҳарақәа рҭыԥ рықәҵаразы ишәоуп 20 млн мааҭ: Уажәы Очамчыраҟа уназго амҩа иаҿуп, еиҭашьақәдыргылараны иҟоуп Мықә ақыҭантәи ацҳа - 3 млн мааҭ. 3,5 млн мааҭ ахҭынҵоуп Аҟәа, Гәыматәи амҩа иавоу аҵаргәаҭӡы. Гәылрыԥшь араион ахада Саид Ҳаразиа иҳәеит Маҷара аӡиас аҟәарақәа рӷәӷәатәуп ҳәа. Араион аҿы имҩаԥысуеит зымҽхакы ҭбаау, 103 млн мааҭ зыхә ақәу аусурақәа Кәыдры аӡиас аҩ-ганк рҿы. "Аԥсны зегь лашарала еиқәзыршәо 220 кВ амчхара змоу афымцацәаҳәақәа еиқәырхатәуп. Аусурақәа еиԥҟьарада имҩасуеит. Аӡышьҭра аҵыхәтәантәи аӡхыҵрақәа раан Аӡҩыбжьеи Уарчеи ақыҭақәа ахьчеит. Аусурақәа мҩаԥгатәуп Маҷара аӡиас аҿы. Ахарџьынҵа 6,5 млн иҟоу хиоуп. Акомиссиа ақәшаҳаҭуп. Жәамш рыла аусурақәа ирылагоит. Хԥаҟа мчыбжьа ҳагоит", - иҳәеит Ҭемыр Агрба.
https://sputnik-abkhazia.info/20230828/gagra-araion-any-aarshytsaraa-rrytsara-ialageit-1047715957.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/09/06/1047872028_18:0:729:533_1920x0_80_0_0_fca85ba21f6ebc5471a07950dd5c1b9c.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
2023 шықәсазы атәыла ахада ирезервтә фонд 60% аԥсабаратә рыцҳарақәа раԥыхра иақәхарџьуп
09:00 07.09.2023 (ирҿыцуп: 16:41 21.09.2023) Аслан Бжьаниа араионқәа рхадацәа, Аиҳабыра рхада, АҶА анапхгара, Афинансқәа рминистр, Акапиталтә ргылара аиҳаби алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит 2023 шықәсазы аԥсабаратә рыцҳарақәа раԥыхра азҵаарақәа ирызкны.
АҞӘА, цәыббра 7 - Sputnik. 2023 шықәсазы аԥсабаратә рыцҳарақәа разԥхьагәаҭареи рыхҟьаԥҟьақәа раԥыхреи ирыхҭынҵоуп 211 млн мааҭ. Ари афонд аҟынтәи 60% артәоит ҳәа иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.
Иахьазы афонд аҟынтәи ахархәара амоуп 358 млн мааҭ, иаанханы иҟоуп 142 млн мааҭ.
Аԥыза-министр Александр Анқәаб иазгәеиҭеит арезервтә фонд аҽа 100-150 млн мааҭ шацҵатәу, избанзар аиҳарак асоциалтә уадаҩрақәа – аҵара, ахәшәтәра, аԥсабаратә рыцҳарақәа рҭыԥ рықәҵара ирзырхоуп.
Аԥсны АҶА аминистр Лев Кәыҵниа иазгәеиҭеит аԥшаҳәа иахьаҵанакуа аргыларақәа хылаԥшра рыҭаразы иаку асистема шаԥҵатәу.
Гагра араион ахада Иури Хагәышь иҳәеит 447 рзаҳал ирыхәаԥшны ҩымчыбжь рыҩнуҵҟа 8,5 млн мааҭ шшәахо.
"Аӡәгьы цхыраарада, дгыларада даанҳажьуам", - иҳәеит атәыла ахада.
Акапиталтә ргылара аиҳабы Ҭемыр Агрба иҳәеит иахьазы Гагра араион аҿы аусурақәа зегь шынагӡоу.
"Аԥсныҟәарахьчара" аусурақәа хнаркәшеит Гагра араион аҿы. Аусурақәа атәыла ахада ирезервтә фонд аҟынтәи 9 млн 48 нызқьмааҭ рыхҭынҵоуп.
Очамчыра араион аҿы 2023 шықәсазы аԥсабаратә рыцҳарақәа рҭыԥ рықәҵаразы ишәоуп 20 млн мааҭ:
Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭан амшцәгьақәа ихырхыз ацҳа хҵоуп, иахшәаауп 15 млн мааҭ;
Лабра еиҭашьақәыргылоуп ҩ-цҳак;
Очамчыра ишьақәыргылоуп амшынбаӷәазахь уназго амҩа– 2,5 млн мааҭ.
Уажәы Очамчыраҟа уназго амҩа иаҿуп, еиҭашьақәдыргылараны иҟоуп Мықә ақыҭантәи ацҳа - 3 млн мааҭ.
3,5 млн мааҭ ахҭынҵоуп Аҟәа, Гәыматәи амҩа иавоу аҵаргәаҭӡы.
Гәылрыԥшь араион ахада Саид Ҳаразиа иҳәеит Маҷара аӡиас аҟәарақәа рӷәӷәатәуп ҳәа. Араион аҿы имҩаԥысуеит зымҽхакы ҭбаау, 103 млн мааҭ зыхә ақәу аусурақәа Кәыдры аӡиас аҩ-ганк рҿы.
"Аԥсны зегь лашарала еиқәзыршәо 220 кВ амчхара змоу афымцацәаҳәақәа еиқәырхатәуп. Аусурақәа еиԥҟьарада имҩасуеит. Аӡышьҭра аҵыхәтәантәи аӡхыҵрақәа раан Аӡҩыбжьеи Уарчеи ақыҭақәа ахьчеит. Аусурақәа мҩаԥгатәуп Маҷара аӡиас аҿы. Ахарџьынҵа 6,5 млн иҟоу хиоуп. Акомиссиа ақәшаҳаҭуп. Жәамш рыла аусурақәа ирылагоит. Хԥаҟа мчыбжьа ҳагоит", - иҳәеит Ҭемыр Агрба.