Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Гәбаз аԥхынтәи аамҭа аботаникатә баҳчазы

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Гәбаз аԥхынтәи аамҭа аботаникатә баҳчазы
Анапаҵаҩра
Аботаникатә баҳча аиҳабы Едуард Гәбаз арадио Sputnik аефир аҿы аԥхынтәи аамҭазы аусура шеиҿкааз атәы еиҭеиҳәеит, аҭааҩцәа иаадырԥшуа азҿлымҳара атәы далацәажәеит.
Иаҭаауа зегьы даара гәахәарыла ирыдыркылоит аботаникатә баҳча аԥсабара иахьазааигәоу аҟынтә ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Гәбаз.
"Асасцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп кыр иныҟәахьоу, кыр збахьоу, дара иазгәарҭоит ҳбаҳча аԥсабара ишазааигәоу. Еснагь иаҳҭаауаны иҟоу астудентцәа Урыстәылатәи ауниверситетқәа рҟынтә ауп. Амедицина, абиологиа иадҳәалоу. Урҭ асубтропикатә ҵиаақәа уаҳа иабарбо, ара иааны апрактика иахысуеит, ҳара ҳҵарауаа рнапхгарала. Анаука аганахьала аиқәшаҳҭрақәа ҳамоуп ауниверситетқәеи ҳареи. Абри аус ауп еиҳарак ҳнапы злаку", - ҳәа еиҭеиҳәеит Гәбаз.
Абаҳча иаҭаауа аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара атәы далацәажәауа, Гәбаз иҳәеит ҵыԥх аасҭа 10-15% сынтәа ишеиҵахаз.
"Егьырҭ атуристтә обиектқәа ирыбжьоуп аиқәшаҳаҭрақәа Шәачантәи мышкы ҳәа ныҟәарала иаауа ҳәа. Ҳа ҳҿы иааиуа Аҟәа зыԥсы зшьо роуп, иҟоуп Пицундантәи еидкыланы ианаарго аԥсшьаҩцәа", - иҳәеит Гәбаз.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0