https://sputnik-abkhazia.info/20230912/novosibirskti-aoblast-ay-aairplan-ztaz-amzyza-reit-1047942700.html
Новосибирсктәи аобласт аҿы аҳаирплан зтәаз амзызқәа рҳәеит
Новосибирсктәи аобласт аҿы аҳаирплан зтәаз амзызқәа рҳәеит
Sputnik Аҧсны
Апассаџьыртә ҳаирплан А320, амаршрут Шәача-Омск, Новосибирсктәи аобласт Убинсктәи араион аҿы итәар акәхеит. Аҳаирплан 159-ҩык апассаџьырцәа ҭан, урҭ рҟынтәи... 12.09.2023, Sputnik Аҧсны
2023-09-12T13:15+0300
2023-09-12T13:15+0300
2023-09-12T13:15+0300
урыстәыла
ажәабжьқәа
ахҭысқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/09/0c/1047939782_3:0:837:469_1920x0_80_0_0_e6ccdcae41c11d01147988d9ebe1bd05.jpg
АҞӘА, цәыббра 12 – Sputnik. Аҳаирплан иаалырҟьан итәар акәхеит агидросистемақәа хԥа рҟынтәи акы аусура ахьеиԥҟьаз азы иҳәеит "Уральские авиалинии" адиректор хада Сергеи Скуратов. "Омск иазааигәахахьаны, атәара рҽазыҟарҵон аҳаирплан агидросистема иаҵәа аусура анаангылаз. Аҳаирплан аҿы зынӡа х-гидросистемак ыҟоуп: аиаҵәа, аҩежь, жәҩангәыԥшшәыла. Урҭ рыцԥхьаӡа дара ирыҵанакуа аҳаирплан аелементқәа русура иахылаԥшуеит", - иҳәеит иара. Адиректор хада иажәақәа рыла, аҳаирплан адәахьтәи аганқәа ԥхасҭак рыдубалом, апассаџьырцәа абжьгарақәа инарықәыршәаны иҭыган. Аԥгаԥсатә еилахәыра урҭ 100-100 нызқь мааҭ рзашәоит. Апассаџьыртә ҳаирплан А320, амаршрут Шәача-Омск, Новосибирсктәи аобласт Убинсктәи араион аҿы итәар акәхеит цәыббра 12, ашьыжь. Аҳаирплан 159-ҩык апассаџьырцәа ҭан, урҭ рҟынтәи 23-ҩык хәыҷқәан, 6-ҩык аекипаж алахәылацәа ракәын. Аҳақьымцәа рахь идҵаалеит хәҩык, ҩыџьа ҟәаҟәачаҟәан, хҩык ршьақәыӷәӷәара халеит.
https://sputnik-abkhazia.info/20230912/areis-shacha-omsk-novosibirskti-aoblast-ay-itar-akkheit-1047940471.html
урыстәыла
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/09/0c/1047939782_108:0:733:469_1920x0_80_0_0_c25195f6c7ae9707460d35bf949775d2.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, ахҭысқәа
Новосибирсктәи аобласт аҿы аҳаирплан зтәаз амзызқәа рҳәеит
Апассаџьыртә ҳаирплан А320, амаршрут Шәача-Омск, Новосибирсктәи аобласт Убинсктәи араион аҿы итәар акәхеит. Аҳаирплан 159-ҩык апассаџьырцәа ҭан, урҭ рҟынтәи 23-ҩык хәыҷқәан, 6-ҩык аекипаж алахәылацәа ракәын.
АҞӘА, цәыббра 12 – Sputnik. Аҳаирплан иаалырҟьан итәар акәхеит агидросистемақәа хԥа рҟынтәи акы аусура ахьеиԥҟьаз азы
иҳәеит "Уральские авиалинии" адиректор хада Сергеи Скуратов.
"Омск иазааигәахахьаны, атәара рҽазыҟарҵон аҳаирплан агидросистема иаҵәа аусура анаангылаз. Аҳаирплан аҿы зынӡа х-гидросистемак ыҟоуп: аиаҵәа, аҩежь, жәҩангәыԥшшәыла. Урҭ рыцԥхьаӡа дара ирыҵанакуа аҳаирплан аелементқәа русура иахылаԥшуеит", - иҳәеит иара.
Скуратов иажәақәа рыла, аҳаирплан аҩбатәи аикәшара мҩаԥнагар акәын, аҳаирӷба акомандир аҭагылазаашьа ахә ишьарц. Агидросистема иаҵәа аусура анаангыло русура ԥсыҽхоит аанкылагақәа. Иаухоит аангылара амҩагьы. Омск ашьҭыԥрааратә цәаҳәа 2500 метра иҟоуп, Новосибирск - 3000 метра. Аҳаирӷба акомандир иӡбеит аҳаирплан уахь ахы ирхарц иҳәеит Скуратов. Аха аԥша ӷәӷәеи абылтәы еиҳаны аныхреи ирыхҟьаны аекипаж аҳаирплан адәаӡаҿы идыртәар акәхеит.
Адиректор хада иажәақәа рыла, аҳаирплан адәахьтәи аганқәа ԥхасҭак рыдубалом, апассаџьырцәа абжьгарақәа инарықәыршәаны иҭыган. Аԥгаԥсатә еилахәыра урҭ 100-100 нызқь мааҭ рзашәоит.
Апассаџьыртә ҳаирплан А320, амаршрут Шәача-Омск, Новосибирсктәи аобласт Убинсктәи араион аҿы итәар акәхеит цәыббра 12, ашьыжь. Аҳаирплан 159-ҩык апассаџьырцәа ҭан, урҭ рҟынтәи 23-ҩык хәыҷқәан, 6-ҩык аекипаж алахәылацәа ракәын. Аҳақьымцәа рахь идҵаалеит хәҩык, ҩыџьа ҟәаҟәачаҟәан, хҩык ршьақәыӷәӷәара халеит.