https://sputnik-abkhazia.info/20230912/sharyla-eibashra-ltsara-shyalaz-azy-ikhymysshon-aatsara-aynt-agy-dakhzymtsoz-1047932603.html
Шьаҟрылԥҳа еибашьра лцара шыҟалаз азы: ихьымӡӷысшьон ҳҭаацәара аҟынтә аӡәгьы дахьзымцоз
Шьаҟрылԥҳа еибашьра лцара шыҟалаз азы: ихьымӡӷысшьон ҳҭаацәара аҟынтә аӡәгьы дахьзымцоз
Sputnik Аҧсны
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Анна Шьаҟрылԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аибашьратә хҭысқәа ртәы, уи ашьҭахь аҭынч ԥсҭазаараҿы лхы... 12.09.2023, Sputnik Аҧсны
2023-09-12T19:40+0300
2023-09-12T19:40+0300
2023-09-12T19:49+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/09/0b/1047932439_0:137:719:541_1920x0_80_0_0_e7934d6cf9114cc56d130c0060fb2529.jpg
Дцон ԥҳәызба еибашьра: Шьаҟрылԥҳа леибашьратә мҩеи аҭынч ԥсҭазаареи иазкны
Sputnik Аҧсны
Дцон ԥҳәызба еибашьра: Шьаҟрылԥҳа леибашьратә мҩеи аҭынч ԥсҭазаареи иазкны
Анна 25 шықәса лхыҵуан аибашьра ианалага. Ажәабжь лаҳаит Лыхны, лаб игәараҭараҿы дшыҟаз."Аҭаацәараҿы ԥшьҩык аиҳәшьцәа ыҟан. Ҳгәылацәа ҷкәынцәа зегьы аӡәыкны ицеит афронт ахь. Сара ихьымӡӷысшьон ҳҭаацәараҟынтә аӡәгьы дахьымцаз. Хәыҷык слакҩакуан, сзыццоз дысмоуит. Аха нас Оксана Боџьгәуеи сареи ҳааицәажәан, амашьына ҳақәтәаны Шрома ахьыҟаз ала ҳнеит. Џьума Чрыгба ибаталион ҳақәшәеит. Аибашьра нҵәаанӡа уа ҳҟан", - ҳәа еиҭалҳәеит аветеран.Анна еибашьра дцеит лҭаацәа адырра рымҭакәа март мза ашьҭахь, ахьҭа сацәшәон, аха уи аамҭазы сазыхиан ҳәа азгәалҭеит лара аиҿцәажәараҿы.Аветеран еиҭалҳәеит ахҭыс, аибашьҩы Ҵышәба зыжәлаз ажәыларахь дцараны дшыҟаз аамҭазы еимаада дшаанхаз. Ишьаиҵоз анимоу, дцаны аҳәса реимаа аигеит, ак сыхьыргьы, ақырҭцәа срышәымҭан, абас иԥхасшьоит ҳәа нацҵаны.Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/09/0b/1047932439_0:70:719:609_1920x0_80_0_0_a486be6432e62d476b6a2aea560dee54.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Шьаҟрылԥҳа еибашьра лцара шыҟалаз азы: ихьымӡӷысшьон ҳҭаацәара аҟынтә аӡәгьы дахьзымцоз
19:40 12.09.2023 (ирҿыцуп: 19:49 12.09.2023) Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Анна Шьаҟрылԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аибашьратә хҭысқәа ртәы, уи ашьҭахь аҭынч ԥсҭазаараҿы лхы шылыԥшаауаз.
Анна 25 шықәса лхыҵуан аибашьра ианалага. Ажәабжь лаҳаит Лыхны, лаб игәараҭараҿы дшыҟаз.
"Аҭаацәараҿы ԥшьҩык аиҳәшьцәа ыҟан. Ҳгәылацәа ҷкәынцәа зегьы аӡәыкны ицеит афронт ахь. Сара ихьымӡӷысшьон ҳҭаацәараҟынтә аӡәгьы дахьымцаз. Хәыҷык слакҩакуан, сзыццоз дысмоуит. Аха нас Оксана Боџьгәуеи сареи ҳааицәажәан, амашьына ҳақәтәаны Шрома ахьыҟаз ала ҳнеит. Џьума Чрыгба ибаталион ҳақәшәеит. Аибашьра нҵәаанӡа уа ҳҟан", - ҳәа еиҭалҳәеит аветеран.
Анна еибашьра дцеит лҭаацәа адырра рымҭакәа март мза ашьҭахь, ахьҭа сацәшәон, аха уи аамҭазы сазыхиан ҳәа азгәалҭеит лара аиҿцәажәараҿы.
Аветеран еиҭалҳәеит ахҭыс, аибашьҩы Ҵышәба зыжәлаз ажәыларахь дцараны дшыҟаз аамҭазы еимаада дшаанхаз. Ишьаиҵоз анимоу, дцаны аҳәса реимаа аигеит, ак сыхьыргьы, ақырҭцәа срышәымҭан, абас иԥхасшьоит ҳәа нацҵаны.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.