Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Арӡынба: Аԥсны аҿиараҟны Урыстәыла аҵак дуӡӡа нанагӡоит

© Sputnik / Томас Тхайцук Инал Ардзинба
Инал Ардзинба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.09.2023
Анапаҵаҩра
Атәыла ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба атәыла араионқәа рыҟны ауаажәларреи, араион анапхгареи, араионтә еизареи алархәны аусутә еиԥыларақәа мҩаԥигоит.
АҞӘА, цәыббра 13 - Sputnik. Аԥсны аҿиараҟны Урыстәыла инанагӡо аҵакы дуӡӡоуп ҳәа иҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аҟәа араиони, Аҳабла ҿыци, Ажәытә аҳаблеи руаажәларра рԥылараан.
Иара иазгәеиҭеит, ирацәаҩны ҳреспублика ауааԥсыра - Урыстәыла ишатәылауаау, атәыла аҳәаақәа урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа ишырыхьчо, ареспублика аҩнуҵаҟа иҟоу авалиута амааҭ шакәу.
Аминистр иара убасгьы иҳәеит, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хыԥхьаӡарала иҭахаз аурысқәа аҩбатәи аҭыԥ шааныркыло.

"Аурысқәа абџьар шьҭыхны аԥсуаа, аерманцәа, аҟабардақәа, ачеченцәа уҳәа, хатәгәаԥхарала иааз ирывагыланы ҳиааира иазықәԥеит. Ари даара ихадоуп, иҳхаҳаршҭыр ҟалаӡом", - иҳәеит Арӡынба.

Атәыла ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба атәыла араионқәа рыҟны ауаажәларреи, араион анапхгареи, араионтә еизареи рыҟны аусутә еиԥыларақәа мҩаԥигоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0