https://sputnik-abkhazia.info/20230914/amilat-kybachymazarat-khshtyray-zaa-ashy-iagalou-aty-reit-1047971417.html
Амилаҭтә кьыбачымазаратә хәшәтәырҭаҿы заҟаҩ ашәҟәы иҭагалоу атәы рҳәеит
Амилаҭтә кьыбачымазаратә хәшәтәырҭаҿы заҟаҩ ашәҟәы иҭагалоу атәы рҳәеит
Sputnik Аҧсны
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Амилаҭтә кьыбачымазаратә хәшәтәырҭа аҳақьым хада Нарҭ Гамгьиа диԥылеит. 14.09.2023, Sputnik Аҧсны
2023-09-14T09:00+0300
2023-09-14T09:00+0300
2023-09-14T09:00+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
агәабзиара
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/09/0d/1047965177_0:0:1280:720_1920x0_80_0_0_ba5b2e8a9369487b7a34657353b66546.png
АҞӘА, цәыббра 14 - Sputnik. Амилаҭтә кьыбачымазаратә хәшәтәырҭаҿы 6172-ҩык ашәҟәы иҭагалоуп ҳәа иҳәеит аҳақьым хада Нарҭ Гамгьиа Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба иԥылараан. Иара иажәақәа рыла, сынтәа ахирургиатә цхыраара рыҭан 214-ҩык, 518-ҩык ахимиотерапиа иахысит. 2022 шықәсазы имҩаԥган 220 ԥҟара. Еиҳа иаларҵәоу акьыба чымазарақәа иреиуоуп арыԥҳа, агәԥҳәы, ацәа. Агәабзиарахьчара аминистрра актәии аҩбатәии ахимиатә цәаҳәа иаҵанакуа зегьы ахәшәқәа рыла иқәнаршәоит. Аминистр Едуард Быҭәба иажәақәа рыла, апрограмма "Хымԥадатәи амедицинатә ԥгаԥса аполис" (ОМС) ала Аԥсны ауааԥсыра Урыстәыла аҽыхәшәтәра иахысуеит. Ари ареспублика абиуџьет аидара ақәнахуеит. Ацентр аҿы атаргеттә терапиа ҵыԥх иазоужьын 20 млн мааҭ, сынтәа –40 млн мааҭ. Иара убасгьы ашықәс анҵәамҭаз Аԥсныҟа иааргараны иҟоуп зыхә дуу ахирургиатә хархәагақәа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/09/0d/1047965177_161:0:1121:720_1920x0_80_0_0_86ca092970862233a5faf96ce0f53b1d.pngSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, агәабзиара
ажәабжьқәа, аԥсны, агәабзиара
Амилаҭтә кьыбачымазаратә хәшәтәырҭаҿы заҟаҩ ашәҟәы иҭагалоу атәы рҳәеит
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Амилаҭтә кьыбачымазаратә хәшәтәырҭа аҳақьым хада Нарҭ Гамгьиа диԥылеит.
АҞӘА, цәыббра 14 - Sputnik. Амилаҭтә кьыбачымазаратә хәшәтәырҭаҿы 6172-ҩык ашәҟәы иҭагалоуп ҳәа иҳәеит аҳақьым хада Нарҭ Гамгьиа Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба иԥылараан.
"Зынӡа адиспансертә шәҟәҭаҩра иахыгоуп – 598-ык, ҵыԥх - 493-ҩык. Урҭ рҟынтәи 381-ҩык рчымазара шьақәырӷәӷәоуп, ҵыԥх – 390-ҩык рчымазара шьақәырӷәӷәан. Иазгәаҭатәуп 217-ҩык ашәҟәы ишҭаагалаз ачымазараԥхьатә ҟазшьақәа зыдбалаз. Арҭ ауаа акьыбачымазара иацәынҳархеит. Ҵыԥх усеиԥш иҟан 103-ҩык ауааԥсыра. Ари иаанаго арккаратә усура, амедицинатә цхыраара еиҳа еиӷьхеит ауп", - ҳәа иҳәеит Гамгьиа.
Иара иажәақәа рыла, сынтәа ахирургиатә цхыраара рыҭан 214-ҩык, 518-ҩык ахимиотерапиа иахысит. 2022 шықәсазы имҩаԥган 220 ԥҟара.
Еиҳа иаларҵәоу акьыба чымазарақәа иреиуоуп арыԥҳа, агәԥҳәы, ацәа.
Агәабзиарахьчара аминистрра актәии аҩбатәии ахимиатә цәаҳәа иаҵанакуа зегьы ахәшәқәа рыла иқәнаршәоит.
Аминистр Едуард Быҭәба иажәақәа рыла, апрограмма "Хымԥадатәи амедицинатә ԥгаԥса аполис" (ОМС) ала Аԥсны ауааԥсыра Урыстәыла аҽыхәшәтәра иахысуеит. Ари ареспублика абиуџьет аидара ақәнахуеит.
"27-ҩык сынтәа Шәача, акьыбачымазаратә хәшәтәырҭаҟны ахимиотерапиатә цхыраара рыҭан, 34-ҩык – ашәахәатә терапиа. Бжьаратәла ари ахәԥса 500 -700 нызқьмааҭ рҟынӡа инаӡоит, иҟоуп миллионк аҟынӡа зыхәԥса наӡо атерапиа зауа", - ҳәа иҳәеит аминистр.
Ацентр аҿы атаргеттә терапиа ҵыԥх иазоужьын 20 млн мааҭ, сынтәа –40 млн мааҭ. Иара убасгьы ашықәс анҵәамҭаз Аԥсныҟа иааргараны иҟоуп зыхә дуу ахирургиатә хархәагақәа.