Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Беслан Гогәуа иганахь ала ашьаус хацыркуп

© Sputnik / Евгений БиятовСуд города Сухум избрал меру пресечения в нападении на премьер-министра Абхазии.
Суд города Сухум избрал меру пресечения в нападении на премьер-министра Абхазии. - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.09.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 14 - Sputnik. Беслан Гогәуа ихысуа абџьар ахархәарала ацәеижьаахақәа ҟаиҵеит ҳәа иганахь ала ашьаус хацыркуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
Аусҭҵаара адыррақәа рыла ацәгьоура мҩаԥган Гәдоуҭа. Гогәуа Аҟәа инхоз ауаҩԥсы диехсны аҭыԥаҟынтәи дыбналеит.
Ашьаусҭҵаара аусзуҩцәа Гогәуа дныркылеит. Агәаҭара данахрыжьуаз закәаншьаҭада иааихәаз "Макаров" итапанча, апатронақәа, аметадон еилаҳәара идбалан.
Иара убасгьы Аҟәа, амшын аԥшаҳәаҿы аҵәахырҭа ҭыԥқәа рҿы ирбеит Гогәуа уаанӡа ишьҭеиҵахьаз аметадон аилаҳәарақәа.
Иаанкылоу ишиҳәаз ала, анаркотикқәа ихази аҭирази иҵәахит. Иԥшаау анаркотикқәа - 103 грамм ыҟоуп. Гогәуа даанкылоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0