https://sputnik-abkhazia.info/20230914/buliskeriaa-aiaaira-amsh-azgaarazy-akhya-irdyruazaroup-aibashtsa-znysyz-ama--1047973818.html
Булискериаԥҳа Аиааира амш азгәаҭаразы: ахәыҷқәа ирдыруазароуп ҳаибашьцәа знысыз амҩа
Булискериаԥҳа Аиааира амш азгәаҭаразы: ахәыҷқәа ирдыруазароуп ҳаибашьцәа знысыз амҩа
Очамчыраа Аԥсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҟны игаз аиааира 30 шықәса ахыҵра азгәаҭара иахьынӡазыҟаҵоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит араион... 14.09.2023, Sputnik Аҧсны
2023-09-14T16:40+0300
2023-09-14T16:40+0300
2023-09-14T16:40+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
/html/head/meta[@name='og:title']/@content
/html/head/meta[@name='og:description']/@content
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/09/0e/1047973654_0:2:1278:721_1920x0_80_0_0_500ce44ffceb324321eff175f268cc30.jpg
Булискериаԥҳа Аиааира амш азгәаҭаразы: ахәыҷқәа ирдыруазароуп ҳаибашьцәа знысыз амҩа
Булискериаԥҳа Аиааира амш азгәаҭаразы: ахәыҷқәа ирдыруазароуп ҳаибашьцәа знысыз амҩа
Лара лажәақәа рыла, аусмҩаԥгатәқәа ирылагоит цәыббрамза 16 рзы, аибашьраан иргәаҟны, зыԥсы шҭаз ирблыз Казанба Цацу лгәалашәарала. Ус ақалақь аҿы аибашьра ашықәс азы аԥсышьацәгьа зырҭаз рацәаҩуп. Лара дахьырблыз аҭыԥ аҿы ашәҭқәа шьҭаҵахоит, нас аусмҩаԥгатәқәа ирыцҵахоит абиблиотека хадаҿы, уаҟа агәалашәаратә хәылԥазы мҩаԥгахоит."Цәыббрамза 22 рзы имҩаԥгахоит шьаҿеиқәшәала аныҟәаразы аицлабра. Иара иалагоит асааҭ 10:00 рзы ақалақь агәҭаҿы. Рхы аладархәоит ашколқәа рҵаҩцәа. Цәыббрамза 25-26 рзы – Мықәашҭаҿы еиҿкаахоит аныҳәа. Агәаҳәара змоу зегьы рхы аладырхәыр рылшоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Булискериаԥҳа.Амра Булеикериаԥҳа иара убасгьы дазааҭгылеит цәыббра 28 рзы "Аԥсҭазара амҩа" ҳәа хьӡыс измоу аумҩаԥгатә шеиҿкаахо. Очамчырантә Тҟәарчалынӡа амҩа ауааԥсыра шьапыла ианысуеит, иҭахаз рбаҟақәа рҿаԥхьа ашәҭқәа шьҭаҵо, анаҩс Тҟәарчал имҩаԥгахоит аныҳәатә концерт. Аусмҩаԥгатәқәа зегьы ԥхьаҟа инахоуп, избанзар, аныҳәа хада Аҟәа имҩаԥгахо арионқәа рҟынтә иаҭаан ирбартә еиԥш алшара рымазарцаз лҳәеит Очамчыра араион акультура аҟәша аиҳабы.Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/09/0e/1047973654_78:0:1191:835_1920x0_80_0_0_3b79a7691ac1cf31a7fb5647301db6ed.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Булискериаԥҳа Аиааира амш азгәаҭаразы: ахәыҷқәа ирдыруазароуп ҳаибашьцәа знысыз амҩа
Очамчыраа Аԥсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҟны игаз аиааира 30 шықәса ахыҵра азгәаҭара иахьынӡазыҟаҵоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит араион акультура аҟәша аиҳабы Амра Булискериаԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, аусмҩаԥгатәқәа ирылагоит цәыббрамза 16 рзы, аибашьраан иргәаҟны, зыԥсы шҭаз ирблыз Казанба Цацу лгәалашәарала. Ус ақалақь аҿы аибашьра ашықәс азы аԥсышьацәгьа зырҭаз рацәаҩуп. Лара дахьырблыз аҭыԥ аҿы ашәҭқәа шьҭаҵахоит, нас аусмҩаԥгатәқәа ирыцҵахоит абиблиотека хадаҿы, уаҟа агәалашәаратә хәылԥазы мҩаԥгахоит.
"Цәыббрамза 22 рзы имҩаԥгахоит шьаҿеиқәшәала аныҟәаразы аицлабра. Иара иалагоит асааҭ 10:00 рзы ақалақь агәҭаҿы. Рхы аладархәоит ашколқәа рҵаҩцәа. Цәыббрамза 25-26 рзы – Мықәашҭаҿы еиҿкаахоит аныҳәа. Агәаҳәара змоу зегьы рхы аладырхәыр рылшоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Булискериаԥҳа.
Амра Булеикериаԥҳа иара убасгьы дазааҭгылеит цәыббра 28 рзы "Аԥсҭазара амҩа" ҳәа хьӡыс измоу аумҩаԥгатә шеиҿкаахо. Очамчырантә Тҟәарчалынӡа амҩа ауааԥсыра шьапыла ианысуеит, иҭахаз рбаҟақәа рҿаԥхьа ашәҭқәа шьҭаҵо, анаҩс Тҟәарчал имҩаԥгахоит аныҳәатә концерт. Аусмҩаԥгатәқәа зегьы ԥхьаҟа инахоуп, избанзар, аныҳәа хада Аҟәа имҩаԥгахо арионқәа рҟынтә иаҭаан ирбартә еиԥш алшара рымазарцаз лҳәеит Очамчыра араион акультура аҟәша аиҳабы.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.