Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Шамԥҳа: есыуаха аибашьра ԥхыӡла избон, сцәырҳаны сааԥшуан

Дцон аԥҳәызба еибашьра: Хьыбла Шамԥҳа леибашьратә мҩа иазкны
Анапаҵаҩра
Леон иорден занашьоу Хьыбла Шамԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит маӡала аибашьрахь лцара шыҟалаз, уаҟа зегь реиҳа илцәыуадаҩны илзыҟалаз, аханатә аиааира агәра зымгоз, уи дшазнеиз, насгьы аибашьра ашьҭахь лыԥҳа лира дшеиқәнархаз атәы.
Аибашьра ианадлагаз Хьыбла 21 шықәса лхыҵуан, дыстудентын. Ажәабжь анҳаҳа, агәра ҳзымгаӡеит. Ааи, аидысларақәа ыҟан, аҿар ҳалахәын имҩаԥысуаз ахақәиҭратә қәԥарақәа, аха абџьар кны, атанкқәа рыла иҳақәлоит ҳәа ҳхаҿы иаҳзаагомызт.
"Ҳәарада, исҭахын аибашьра схы аласырхәыр, аха исызмырманшәалеит. Сара сырқьынцыцны сааӡан, лабыҵәк саҟаран, схәыҷын. Сцаргьы сызларыцхраауеи ҳәа слак-ҩакуан. Насгьы декабрнӡа Аҟәа ҳалахан ҳаҟан. Ҳалҵра - асахьаркыратә фильм аҿы избахьеит акәымзар, сыԥсҭазаараҿы иҟалоит ҳәа сыҟамызт. Уахь иҟақәаз сҩызцәа Хьыбла дыршьхьеит ҳәа адырра рыман, Гәдоуҭаҟа снеит ҳәа ианеилыркаа ашьҭахь исыдеизалон, исацәажәон, уи ашьҭахь хәыҷык лхы иагхеит ҳәа еибырҳәон дара рыбжьара. Иуадаҩыз аҭагылазаашьа ҳхаагеит Аҟәа ҳаныҟаз", - ҳәа еиҭалҳәеит аветеран.
Хьыбла дыбналаны афронт ахь дцеит ателехәаԥшрала амедиаҳәшьцәа аҭахуп ҳәа анрыларҳәа ашьҭахь. Аҽазыҟаҵарақәа рҿы дсықәшәеит сҩыза гәакьа Асиаҭ Чагәааԥҳа, ларгьы саргьы ҳаицын уи нахыс ҳәа еиҭалҳәеит лара.
Лхы иҭымҵуа аибашьра ахҭысқәа ртәы еиҭаҳәо Хьыбла илгәалалыршәеит Аҟәатәи ашьхақәа рахь иҟаз ажәыларқәа руак.
"Ауха ӷәӷәала ихысуан, 14-ҩык аҷкәынцәа рхәит иаразнакала, х-ҩык ҳакәын ацхыраара рызҭоз. Зегьы-зегьы ҳахьыӡқәа ҳәаны рыбжьқәа дыргон. Уи даара иуадаҩын. Азнакыз ҳаашынхеит иҟаҳҵо ҳзымдыруа", - ҳәа илгәалалыршәоит лара.
"Иҭахоз аҷкәынцәа еиқәктәын, убри ауп зегь реиҳа ицәгьаз. Ишабалак ранацәа рахь иаҳзышьҭӡомызт. Скомандир сивагыланы урҭ рырҽеира сықәшәон, убри еицәоу аибашьраҿы сара сақәымшәаӡеит. Убри ауп есыҽны сыбла ихгылоу. Раԥхьатәи сыӡӷаб диаанӡа сыҳәҳәаны, сцәырҳаны сааԥшуан, есыуаха аибашьра ԥхыӡла избон. Схәыҷы сеиқәлырхеит", - ҳәа еиҭалҳәеит Хьыбла.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0