Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аџьыкахыш, арахәыц, нас аџыш": ԥсыуала аканҵыҵыра шырхәышәтәуаз

© Sputnik / Марианна Кубрава Празднование дня города Сухум
Празднование дня города Сухум - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.09.2023
Анапаҵаҩра
Жәлар рмедицинахьтә аматериал ҿыц ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Ауаҩы ицәа-ижьы иақәгылар алшо акәымпыл хәыҷқәа ажәлар рҿы хьӡыс ирымоуп "аканҵыҵырақәа" ҳәа (урысшәала "бородавки").
Ҳаамҭазтәи амедицина иҳанаҳәоит аканҵыҵырақәа ахәыҷы-аду, аԥҳәыс-ахаҵа неилых ҟамҵакәа дарбанзаалак илнахыр шалшо. Амала, ас еиԥш иҟоу ачымазара иахьа акәӡам ианцәырҵыз, аӡбахә рдыруеижьҭеи акырӡа ҵуеит. Убри инақәыршәаны ицәырҵхьеит аметодқәа рацәаны аканҵыҵырақәа рықәгара зылшо – ахәшәҭиирҭаҿы иааухәо уцәа иахьалҵыз иахьушьуа ахәшә инаркны лазерлатәи ахәышәтәра аҟынӡа.
Аканҵыҵыра аӡбахә анцәыраҳга ҳаамҭа иақәшәо амедицина ҳаацәхьаҵны, хшыҩзышьҭра азаҳуп жәытәаахыс ԥсыуала уи шырхәышәтәуаз.
Угәы бзиа, ухы бзиа: аԥсуа хәшәқәак рыхҳәаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.01.2019
"Угәы бзиа, ухы бзиа": аԥсуа хәшәқәак рыхҳәаа
Ԥақәашь ақыҭа инхо, акыр шықәса арҵаҩра аус иазааԥсахьоу, жәлар рмедицинахьтә ахәшәқәа рыҟаҵара иазыманшәалоу Елена Коӷониа-Ҭаниа лыҿцәажәарақәа руак иагәылызгеит аканҵыҵыра казыршәуа аҭәҳәа. Лажәақәа рыла: "Аканҵыҵыра уцәаҿы заҟа улнахыз рхыԥхьаӡара аҟара аџьыкахыш шьҭухуеит, уамеигӡакәа унапы налшьны. Акы акәзар иалнахыз, аџьыка знык ишьҭыхны, унапы иануԥсалоит. Ҩба ыҟазар, ҩынтә иануԥсалоит, ма инеиҳаны, рхыԥхьаӡара зеиԥшроу еиԥш. Нас изықәгылаз ихьӡ, ижәла ҳәо унапы ианыԥсалоу аџьыка хәыҭ-хәыҭла уақәцәажәаны "аканҵыҵыра наҟ ицааит" ҳәа хынтә иҳәаны аҩны ааҵраҿы анышә аартытны, аҵаара убра инылауԥсоит анышәгьы нақәурҳәҳәуеит. Аџьыка ӡыҭны адгьыл ианалабалак, иуқәгылаз акынҵыҵыра ахала икашәоит".
Аканҵаҵыра ахәыҷы-аду амыргәаҟкәа лассы икашәаразы иҟарҵоз атәы инарҭбааны анаҩс ҳалацәажәап:
Аканҵаҵыра ахәыҷы иқәгылазар, икашәаразы ажәытәан арахәыц аашьҭыхны заҟа иқәгылаз аҟара арахәыц аиқәҳәаларҭақәа арҭон. Анаҩс, арахәыц нагана ахәыҷы дахьзымнеиуаз ҭыԥ харак аҿы анышә иарҭон. Мчыбжьык анааҵлак аканҵыҵырақәа кашәоит ҳәа азгәарҭон.
Аканҵыҵыра зықәгылаз ахәыҷы аҵәа иҿарҵон, ацәынхақәа (азгә."огрызки") амза ҿа ангыло инаганы адгьыл иарҭон. Мышқәак анааҵлак аканҵыҵырақәа кашәон.
Аҵәынҵәлаӷь (азгә. "мускульный желудок курицы") ацәа ҩахырҵәрааны ауаҩы иқәгылаз аканҵыҵырақәа рхыԥхьаӡара аҟара аџьыкахыш ыларыԥсон. Нас инаганы ацәаакыра дгьыл аҿы иржуан. Аҵәынҵәлаӷь ацәа иларҳәаз аџьыкахыш аныӡыҭлак, аканҵыҵырақәа рхала икашәон ҳәа азгәарҭоит.
Алаҳа аҟалара ԥыҭк шагу иааҿыхны, иалҵуа аӡы шкәакәа ала есыҽны жәамш рыҩнуҵҟа аканҵыҵыра ахьалҵыз аҭыԥ иахьушьлар, икашәоит рҳәоит.
Аканҵыҵыра унапы иамазар, лаба ԥшӡак ҟаҵаны, ашьа ахьшьны џьара иргылан уцар, убри алаба зго, унап иамоу аканҵыҵыра иман дцоит рҳәоит.
Аканҵыҵыра кашәоит аџыш андырҟәыцлак ашьҭахь иаҵыҵуа аӡы ахьушьлар.
Аканҵыҵыра знапы иамоу, ажьаӡа ԥха инапы иахьшьны анышә иаиҭар иамнахуеит.
Аканҵыҵыра уқәгылазар, заҟа ыҟоу аҟара аџьыкахыш наган анапыӡәӡәарҭаҿ иужыр, аџьыка анааӡыҭуа аканҵыҵыра ақәҵуеит.
Аԥсны изызҳауа аҵиаақәа ааба - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.11.2015
Аԥсны изызҳауа аҵиаахәшәқәа ааба
Ажәабжьқәа зегьы
0