Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

68 миллион мааҭ инареиҳаны Аԥсны ақыҭанхамҩа аҿиара иазырхоуп

© Sputnik / Томас Тхайцук Деньги
Деньги  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.09.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аиҳабыра реилазаара ишьақәнырӷәӷәаз "Ақыҭанхамҩа аҿиара 2023 шықәсазы" апрограмма иазоужьын 100 миллион мааҭ.
АҞӘА, цәыббра 18 – Sputnik. "Ақыҭанхамҩа аҿиара 2023 шықәсазы" апрограммала Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра 68 800 000 мааҭ ахархәара анаҭеит ҳәа иҳәеит агазеҭ "Республика Абхазия" аинтервиу азҭаз аусбарҭа аиҳабы Беслан Џьопуа.
Иара иажәақәа рыла, абиуџьет зегь аҟынтәи, апрограмма анагӡараз иазгәаҭаз 61% артәеит. Арҭ аԥарақәа рыла иаахәан амотоблокқәа - 54, атрактор маҷқәа - 8, иара убас иааргараны иҟоуп адгьыл злахыркаауа аҭел уҳәа. Уи адагьы аицлабра рылаҳәоуп аиҭаҳатәлеи, ақыҭанхамҩатә аалыҵ аус адызуло амаҭәарқәеи реиқәыршәаразы ҳәа иҳәеит аминистр.
2023 шықәсатәи апрограмма:
аҵиааӡаразы 94 проект ирзоужьуп 4,5 миллион мааҭ,
13 проект арахәааӡааразы - 5 миллион мааҭ,
аԥсыӡааӡаразы х-проектк - 2 миллионк рҟынӡа,
10 проектк ашьхымзааӡаразы - 3 миллионк инареиҳаны,
аԥсаатәааӡаразы 16 проект - 5 миллионк рҟынӡа,
амеханизациа азы 64 проект - 21 миллион мааҭ
11 миллион мааҭ инареиҳаны иазоужьҭуп 13 проект аӡа аус адуларазы.
Беслан Џьопуа ишазгәеиҭаз ала, 2021-2022 шықәсқәа рзы апрограммала 253 проект иазоужьын 154 миллион мааҭ. Ақыҭанхамҩа аҿиаразы аԥарақәа азоурыжьҭуеит ареспубликатә биуџьет аҟынтәи.
Ажәабжьқәа зегьы
0