Урыстәыла

Қырҭтәыла аиҳабыра рыԥсахразы атәылаҟны аилаҩеиласра амҩаԥгара ргәы иҭоуп

© Sputnik / Александр Имедашвили / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОслабление карантинных ограничений в Грузии
Ослабление карантинных ограничений в Грузии - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.09.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 18 – Sputnik. Қырҭтәыла ашәарҭадаратә маҵзура аҳәамҭа ҟанаҵеит гәыԥҩык ауаа жьҭаара-ԥхынҷкәын мзақәа рзы атәылаҟны аграждантә еилаҩеиласра амҩаԥгара ргәы ишҭоу, мчыла аиҳабыра рахҳәаразы.
Ас еиԥш ауснагӡа амҩаԥгара авторцәас иамоу ҳәа рыӡбахә ҳәоуп Георги Лорткипаниӡе (Михаил Саакашвили ихаан Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩс иҟаз – азгә.), Украина иҟоу "Қырҭтәыла алегион" уаанӡатәи ахада, адҵаҟаҵаҩс иамаз Михаил Батурин ихьчаҩ Мамука Мамулашвили.
Иҟоу адырра инақәыршәаны, Қырҭтәыла АШәМ имҩаԥнагаз аҭҵаарақәа рыла гәыԥҩык ауаа қырҭтәылеи уи анҭыҵи аграждантә еилаҩеиласра амҩаԥгара ргәы иҭоуп, хықәкысгьы ирымоуп мчыла аиҳабыра рахҳәара", - ҳәа аҳәоит Қырҭтәыла АШәМ апресс-маҵзура иҟанаҵаз аҳәамҭаҿы.
Аилаҩеиласра азгәаҭоуп – жьҭаарамза-ԥхынҷкәынмзақәа рзы, ахәҭакахь ала арҭ амзақәа рзы ауп ианеилкаахо Қырҭтәыла Европатәи аилазаара алаҵаразы азҵаара аныӡбара.
Ажәабжьқәа зегьы
0