Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ахба: аԥсуаа рыԥсадгьыл ахь изыхынҳәуа ркультура, рбызшәа, раԥсуара еиқәдырхарцаз ауп

Зхьышьҭра змырӡыз: Иауз Ахба
Анапаҵаҩра
Ҳазҭоу ашықәс азы 30 шықәса ҵит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәаразы аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵоижьҭеи. Арадио Sputnik апроект "Зхьышьҭра змырӡыз" аҿы ишәаҳар шәылшоит Аԥсныҟа ихынҳәыз ҳџьынџьуаа рҭоурыхқәа, рхәыцрақәа.
Ҭырқәтәыла ииз-иааӡаз Иауз Ахба иҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара дааит 2012 шықәсазы, усҟан иара 45 шықәса дырҭагылан. Араҟа хазы анхарҭа ҭыԥ аԥшаара даҿнаҵы, ианшьцәа Аҭрышаа рҿы хәымз дынхон. Иауз Аԥсны аҭаацәара далалеит, иахьа ҩыџьа ихшара ирызҳауеит.
"Аԥсныҟа сгьежьны сахьааз, сзаазеи ҳәа мышкгьы исымҳәаӡеит…Ҭырқәтәыла иҟоу атехнологиа, ахәшәтәырҭа, ашкол, ауниверситет, амҩа, алашара уҳәа ҳара уажәазы ус еиԥш иҳамаӡам. Иорданиа, Шьамтәыла, Америка инхо аԥсуаа зегьы рыԥсадгьыл ахь амал иашьҭаланы иаауа ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам, изыхынҳәуа, ирцәыӡуа ркультура, рбызшәа, раԥсуара еиқәдырхарц азы ауп,” - ҳәа азгәеиҭеит Иауз Ахба.
Аицәажәара инеиҵыхны шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0