Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Адокументалтә фильм "Аԥсуа кәылӡы" аԥхьарбара мҩаԥган "Гәыма"

© SputnikПремьера документального фильма "Абхазская броня"
Премьера документального фильма Абхазская броня  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.09.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсуа еибашьҩы, иеибыҭашьа, икәылӡы зеиԥшраз аҷыдарақәа уҳәа рпортрет еиҭашьақәиргылеит асахьаҭыхыҩ Баҭал Џьапуа.
АҞӘА, цәыббра 20 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Адокументалтә фильм "Аԥсуа кәылӡы" аԥхьарбара мҩаԥган акультура-устә платформа "Гәыма" аҿы цәыббра 19 рзы.
Акиносахьа ҭыхын Адунеизегьтәи Аԥсуа-абаза конгресс (АААК - аред.) апроекти аԥсуа-абаза жәлар иматериалтәым рҭынхазы аиҿкаара "Алашара" апроект "Амазареи" рҳәаа иҭагӡаны.
"Афильм аҭыхраз аидеиа ҳазцәырҵит Баҭал Џьапуа игалереиаҿ ҳаныҟаз, акәылӡы шеибиҭоз анааба. Ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп иҳаиҭаз адгыларазы. Баҭал акы аинтерес уманы ибар, гәахәарыла дуцхраауеит", - иҳәеит афильм арежиссиор Дауҭ Логәуа.
Иара убасгьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит аҭоурыхҭҵаҩцәа, археологцәа Дмитри Счастныи Шандор Ҟаитани афильм аҭыхра рхы ахьаладырхәыз.
Баҭал Џьапуа афильм аҿы еиҭеиҳәоит ажәытә аамҭақәа раан аԥсуа еибашьҩы иҽраԥшра аинтерес аманы, ухаҿы даанхо дшыҟаз. Асеиԥш иҟан ХХ ашәышықәса алагамҭанӡа. Асахьаҭыхыҩ иаԥҵамҭа аҭоурыхҭҵааҩ Иури Воронов иԥшаамҭақәа роуп шьаҭас иамоу.
"Византиаа рыр агарнизон иажәлон. Аибашьра ашьҭақәа аанхеит абӷанҷ ссаҿы. Уи анаҩстәи аамҭақәа рзы анышәаԥшь ала еибаркын. Абри акультуратә ҿысҭаҿы ауп иахьыԥшааз аҳәаҭҳаи акәылӡи", - иҳәоит Џьапуа.
Асахьаҭыхыҩ еиҭашьақәиргылаз аҳәаҭҳа бжьаратәла IV-VI ашәышықәсақәа ирыҵаркуеит. Арҭ рҩызцәа аҳәаҭҳақәа ныҟәызгоз ибашамашоу еибашьцәамызт, убри азы урҭ реибыҭашьа ҷыдала иацклаԥшны иҟарҵон ҳәа азгәеиҭоит Баҭал Џьапуа.
Ажәытә цәеижьхьчага: аԥсуа сахьаҭыхыҩ аԥсилаа ркәылӡы шыҟаиҵаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.10.2022
Аԥсны
Ажәытә цәеижьхьчага: аԥсуа сахьаҭыхыҩ аԥсилаа ркәылӡы шыҟаиҵаз
Ажәабжьқәа зегьы
0