Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳагба: Азеирбаџьан Ашьха Ҟарабах рнапахьы иаарганӡа иаангылараны иҟаӡам

Ҳагба: Азеирбаџьан Ашьха Ҟарабах рнапахьы иаарганӡа иаангылараны иҟаӡам
Анапаҵаҩра
Азербаиџьан Ашьха Ҟарабах ихацнаркит "аконституциатә ҭагылазаашьа аиҭашьақәыргылара" хықәкыс измоу атеррористҿагыларатә уснагӡатәқәа ҳәа аанацҳаит РИА Новости Азербаиџьан Атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзура адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны. Ашьха Ҟарабах ааҭагылазаашьа атәы арадио Sputnik аефир аҿы ахҳәаа аиҭеит аполитолог Беслан Ҳагба.
Азербаиџьан уажәы излагаз арратә аоперациа иаанагоу арӷыӷкроуп, Ашьхатә Ҟарабах аҵыхәтәанынӡа рнапахьы иааргар рҭахуп ҳәа азгәеиҭеит Ҳагба аиҿцәажәараҿы.
"Ҩышықәса раԥхьа иҟаз аибашьраҿы аҵакыра дгьылқәа нагӡаны ирзымгаӡеит. Х-раионк, Степанакертгьы уахь иналаҵаны, аерманцәа рнапаҿы иҟоуп. Азербаиџьан уи рнапахьы иаарганӡа аоперациа иаҿызаауеит. 2020 шықәса рзы х-ганк – Урыстәыла, Азеирбаџьан, Ермантәыла аиқәшаҳаҭра ирыбжьарҵаз аҿы хәҷы-хәҷы Ашьхатә Ҟарабах Азеирбаџьан ишадло арбоуп, аха уи ахьынагӡам азы агәынамӡарақәа рымоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳагба.
Аполитолог далацәажәеит Урыстәыла инаныгӡо ароль аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0