Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аветеран Шәқьериаԥҳа: насыԥуп, сыԥсадгьыл агәаҟра ду ианҭагылаз схы ахьыԥхьасымкыз

Аветеран Шәқьириаԥҳа: насыԥуп, сыԥсадгьыл агәаҟра ду ианҭагылаз, схы ахьыԥхьасымкыз
Анапаҵаҩра
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран, "Агәымшәараз" амедал занашьоу Ирма Шәқьериаԥҳа далахәын арадио Sputnik адырраҭара "Дцон аԥҳәызба еибашьра".
Шәқьериаԥҳа еиҭалҳәеит лашьазаҵә Марттәи ажәылараан хабарда данбжьаӡ ашьҭахь, Аза Гәынԥҳа-Агәмааи лареи амедицина-санитартә баталион ахь ишцаз, ҳаибашьцәа ацхыраара рыҭаразы.
“Сара сзы еиҳараӡак ицәгьаз хҭысны иаанхоит Аҟәа ахақәиҭтәра амшқәа. Гәымсҭатәи ацҳа ҳарны ахәцәа ахьырацәаз иааҳгоит ҳәа ҳахьцаз, иԥжәаз артҟәацга ларгьы (Аза Гәынԥҳа-Агәмаа - азгә.) саргьы иҳаахеит, ахәрагьы ҳзыннажьит”, - ҳәа еиҭалҳәеит аибашьра аветеран.
Аиааира ҳаԥылеит Егры ацҳаҿы ҳаҷкәынцәа рашәаҳәаралеи рыкәашаралеи. Ҳарԥарцәа аибашьра аналага инаркны инҵәаанӡа ирдыруан аиааира шаҳгоз", - лҳәеит Шәқьериаԥҳа.
Аветеран иазгәалҭеит насыԥ лыман ҳәа лхы шылԥхьаӡо лыԥсадгьыл аибашьра ианҭагылаз аамҭазы илылшоз ала дахьацхраауаз.
"Ауаҩы ус еиԥш агәаҟра иԥсадгьыл ианҭагылоу, ила иабаны, дхьаҵыр… ус ҟазҵақәаз иахьа ргәы иҭырҳәаауазар ҟалап "ҳҩызцәа ҳазрывамгылеи" ҳәа. Сара насыԥ сымоуп ҳәа сыԥхьаӡоит сахьцаз (еибашьра - азгә.), иахьсылшаз, хьаас исымоу иҵегь ахьсылымшаз ауп", - лҳәеит Шәқьериаԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0