Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Кәарҷиа Аҟәатәи абаталион азы: ҳԥагьан, аха аҵыхәтәаны еилаҳкааит леишәада аиааира шыҟамло

Кәарҷиа Аҟәатәи абаталион азы: ҳԥагьан, аха аҵыхәтәаны еилаҳкааит леишәада аиааира шыҟамло
Анапаҵаҩра
11 мшы ицоз Аҟәа ахакәиҭтәраз аҵыхәтәантәи ажәылараҿы аҟәаа рыҷкәынцәа рлагала атәы, иара аибашьра зегьы аҿы урҭ рхымҩаԥгашьа иамаз аҷыдарақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Кан Кәарҷиа.
Аибашьра шҳалагылаз анеилаҳкаа, Гәымсҭа инахыкны аибашьра ацәаҳәа аанкыланы аҭабиақәа ҳанырҭатәа ауп ҳәа азгәеиҭеит Кәарҷиа аиҿцәажәараҿы. Уахынла аҳабла ҿыц аҟынтә алашарақәа анаҳбоз ҳгәы ҳахьуан ҳәа азгәеиҭеит иара.
"Аҟәаа рыҷкәынцәа ҳлеишәа цәгьан, иахьыџьбараз еснагь ҳаҟан, ҳхаҭа ҳԥагьан, аахагьы еиҳа иӷәӷәаны иҳаман. Аха еилаҳкааит адисциплина ҟамҵакәа амашәыр шыҟало, аиааира шаҳзымго убри аибашьра анҵәамҭазы ҳхаҿы иааит", - ҳәа игәалаиршәоит Кәарҷиа.
Аветеран еиҭеиҳәеит аҟәатәи абаталион аиҿкаара шыҟалаз, акомандир Сергеи Мотасиан аханатә дышрыдыркылаз.
"Аҟәатәи абаталион аҵыхәтәантәи ажәылараҿы ахахьы иагеит аӷа имч зегьы. Уи еилкааны ирыман аҷкәынцәагьы, ирдыруан аԥсра ишаҿагылоз. Ажәыларахь ицоз аҷкәынцәа ԥыҭҩык ахәра ӷәӷәақәа рыман, аха ихьаҵуамызт. Аӡәк иеиԥш ҳаиццеит", – ҳәа еиҭеиҳәеит Кәарҷиа.
Аветеран иажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи ажәылараҿы ақырҭцәа рганахьала иҟан Аҟәа инхоз аҷкәынцәа, дара аҵыхәтәанынӡагьы игылан, иӷәӷәаны еибашьуан, убри аҟынтә ақалақь агара мариамызт.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0