Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Путин аблокада иҭакыз рзы зныктәи ашәарақәа ҟаҵазарц аусԥҟа инапы аҵеиҩит

© Sputnik / Михаил Метцель/POOL / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин провел совещание по вопросам развития Крыма и Севастополя
Президент РФ В. Путин провел совещание по вопросам развития Крыма и Севастополя - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.09.2023
Анапаҵаҩра
Ленинград амацәаз иҭакын 872 мшы – цәыббра 8, 1941 шықәса инаркны ажьырныҳәа 27, 1944 шықәсанӡа. Иахьа Аԥсны дынхоит арҭ ахҭысқәа зхызгаз аӡәы заҵәык Нонна Мол-оӷлы.
АҞӘА, цәыббра 20 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Ленинград аблокада иҭакыз рзы зныктәи ашәарақәа ҟаҵазарц аусԥҟа инапы аҵеиҩит. Аусԥҟа кьыԥхьуп азинтә актқәа официалла иахьыркьыԥхьуа асаит аҿы.

50-50 нызқь мааҭ рызшәахоит амедал "Ленинград ахьчаразы", ма адырга "Амацәаз иҭакыз Ленинград ақалақьуаҩ" занашьоу урыстәылауааи иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны, Литва, Латвиа, Естониа, Аахыҵ Уаԥстәыла, Приднестровие, урыстәылатәи арегионқәа рҿы инхо аблокадауаа.

Аминистрцәа реилазаара иҳәаақәнаҵараны иҟоуп ашәарақәа шымҩаԥгахо. Аамҭала ашәарақәа мҩаԥгахоит 2023 шықәса ԥхынҷкәынмза инаркны 2024 шықәса ажьырныҳәамзанӡа.
80 шықәса раԥхьа, ажьырныҳәа 27, 1944 шықәсазы Ленинград-Новгородтәи астратегиа жәыларатә операциа иалнаршеит 872 мшы амацәаз иҭакыз Ленинград ахақәиҭтәра. Ииасыз ашықәс азы Санкт-Петербургтәи ақалақьтә ӡбарҭа Ленинград аблокада арратә цәгьоуроуп ҳәа азгәанаҭеит. Анацистцәеи урҭ рыдгылаҩцәеи Ленингради иара ауааԥсыреи ирырҭаз аԥхасҭа 35,3 триллион мааҭ инаӡоит ҳәа иашьеит апрокуратура.
Ажәабжьқәа зегьы
0