Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ашана" Валентина Карнециан лзы аԥареизгара хацнаркит

© Sputnik / Томас ТхайцукПодопечная фонда Ашана Карнецян Валентина
Подопечная фонда Ашана Карнецян Валентина - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2023
Анапаҵаҩра
Пирогов ихьӡ зху Урыстәылатәи ахәыҷтәы клиникатә хәышәтәырҭа афилиал аҿы ахәыҷы лыхәшәтәразы иаҭахуп 257 000 мааҭ.
АҞӘА, цәыббра 21 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" хәышықәса зхыҵуа Валентина Карнециан лзы аԥареизгара хацнаркит.
Валентина –Карнецианаа рҭаацәараҿы ахәыҷқәа дреиҳабуп. Лара аҟәырҟәылбжьаратә ач лыманы диит, ахәыҷы раԥхьа дԥырҟеит ҩымчыбжь анылхыҵуаз.
Ҩымчыбжь анылхыҵуаз илыдырбалеит гидроцефалиа, аҽа ԥыҭк аамҭа цахьаны – гидронефроз. Ари ачымазара аҷаҷақәа ирныруеит, зынӡа русура ааннакыларгьы ауеит.
Валентина лгәамбзиара иахҟьаны лхала дызныҟәом, аха ланду Вартануш Мартиросиан лажәақәа рыла, ареабилитологцәа агәра ддыргоит аныҟәара далагар алшоит ҳәа.
"Иалшоит лхала дныҟәо, дыҩуа дҟалар. Ацәажәараҿы ақәҿиарақәа лымоуп. Сара дансыдыскылоз зынӡа дзымцәажәозар, уажә ажәақәа лҳәоит. Ацхыраара лҭахуп", - лыԥхьаӡоит ахәыҷтәы ҳақьым Асҭанда Кәарҷиаԥҳа.
Арҭ ашықәсқәа зегьы аҭаацәа ахәыҷы лыхәшәтәразы ахарџь рымчқәа рыла иааиуан, аха уажәы ирцәыцәгьахеит.
Валентина иахьазы Пирогов ихьӡ зху Урыстәылатәи ахәыҷтәы клиникатә хәышәтәырҭа афилиал аҿы илзыԥшуп. Ахәыҷы лыхәшәтәразы иаҭахуп 257 000 мааҭ.
Ахәыҷқәа ацхыраара рыҭашьаз аинформациа арбоуп афонд "Ашана" асаит аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0