Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Бебиаԥҳа Аиааира 30 шықәса ахыҵразы иаԥҵоу апроектқәа ртәы

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Бебиаԥҳа Аиааира 30 шықәса ахыҵразы иаԥҵоу апроектқәа ртәы
Анапаҵаҩра
Аибашьцәа рфотосахьақәа рцәыргақәҵа мҩаԥысран иҟоуп цәыббра 27, 28, 29 еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҟны. Уи шеиҿкаахо, ацәыргақәҵақәа ахьымҩаԥгахо, насгьы афотосахьақәа раԥҵара шыҟалаз атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит апроект автор, ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа.
Афотопроект аԥҵара шыҟалаз атәы еиҭаҳәо, Екатерина Бебиаԥҳа илҳәеит ас еиԥш аус аиҿкаара дазхәыцуеижьҭеи кыр шааҵуаз, лхаҭагьы иҟалҵахьаз шмаҷым. Иааидкыланы уажәы иӡыргахоит 170 фото. Урҭ рахьынтә 100 ҿыц иазырхиан. Зынӡа 1500-ҩык аибашьцәа рхаҿсахьақәа аарԥшхоит.
Раԥхьатәи ацәыргақәҵа ҟалоит ААУ аҿы амза 27 рзы. Анаҩс, 28 рзы Аҟәа адраматә театр аҿаԥхьа ашьыжь инаркны хәылбыҽханӡа иҟазаауеит. Амза 29 рзы ацәыргақәҵа ииагахоит Очамчыра ақалақь ахь ҳәа еиҭалҳәеит Бебиаԥҳа.
Анаҩстәи апроект ҿыц далацәажәо, ажурналист илҳәеит уи аибашьраан аԥсуа радиохь иаауаз асаламшәҟәқәа ишрылху.
"Урҭ 30 шықәса иҵәахны исыман. Дара ирызкны ԥшь-фильмк аԥҵоуп Аԥсуа-база конгресс абзоурала. Еиҭа, акультура аминистрра афильмқәа рзы аицлабра ианрыланаҳәа, апроект иаласырхәит, аха дара иазырыӡбеит, аконкурс иалганы афильм аԥҵара. Аҟәрышь азыԥшааны адокументалтә фильм аԥҵан. Дауҭ Логәуа режиссиорс дамоуп. Афильм сааҭки 10 минуҭки ицоит. Ашәҟәқәа рышьҭрала еиҿкаауп иара. Уи рнаҩс асаламшәҟәқәа рышьаҭала ашәҟәгьы ҭыжьуп. 11 цыра Sputnik Аԥсны иазнархеит аԥсуа радио аусзуҩцәа рзы", - ҳәа еиҭалҳәеит Бебиаԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0