Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Зураб Џьапуа Аахыҵ Уаԥстәыла аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз ҳәа ахьӡ ихҵоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЮбилей Академии наук Абхазии - 20 лет
Юбилей Академии наук Абхазии - 20 лет - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.09.2023
Анапаҵаҩра
Аусԥҟа инапы аҵеиҩит Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоев.
АҞӘА, цәыббра 22 – Sputnik. Зураб Џьапуа Аахыҵ Уаԥстәыла аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз аусзуҩ ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апресс-маҵзура.
"Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада, академик, Урыстәыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҳәаанырцәтә лахәыла, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Зураб Џьапуа ихҵазааит аҳаҭыр хьӡы "Аахыҵ Уаԥстәыла аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз аусзуҩ", - ҳәа аҳәоит аусԥҟа атекст аҿы.
Алан Гаглоев инапы зҵаҩу аусԥҟа аоригинали агәлаҵатә дыргеи Зураб Џьапуа ииҭеит Аахыҵ Уаԥстәыла аҳәынҭуниверситет аректор, апрофессор, II Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа алахәхаразы Аԥсныҟа иааз аделегациа ахада Вадим Тедеев.
Ажәабжьқәа зегьы
0