Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Имҩаԥысит Аџьынџьтәылатә еибашьра иазку адокументалтә фильмқәа раԥхьарбара

© Sputnik / Акоп КущянПоказ фильмов, победивших в конкурсе Минкульта
Показ фильмов, победивших в конкурсе Минкульта - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.09.2023
Анапаҵаҩра
Акультура аминистрра Аиааиреи Ахьыԥшымреи 30 шықәса рхыҵра ахьӡала имҩаԥнаго аиндаҭлараҟны аиааира ргеит х-документалтә фильмки х-сахьаркыратә фильмки.
АҞӘА, цәыббра 26 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Акультура аминистрра Аиааиреи Ахьыԥшымреи 30 шықәса рхыҵра ахьӡала имҩаԥнагаз аиндаҭлараҟны аиааира згаз адокументалтә фильмқәа рырбара мҩаԥысит Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны цәыббра 25 рзы.
Ахәаԥшыҩцәа идырбан Манана Кокосқьырԥҳа лусумҭа "Шьак злоу", Фатима Қәҭелмаԥҳа - "Алифт", Елеонора Гилоиан - "Абацәеи аибашьра ахшареи".
Аԥхьа идырбан адокументалтә фильм "Шьак злоу". Афильм аҿы еиҭаҳәоуп аибашьраҿы еиҩызцәахаз, мышкы еицҭахаз, Жәандрыԥшь ақыҭаҿы анышә еицамардаз аԥсуа еибашьҩи Аԥсныҟа хатәгәаԥхарала Приднестровиантәи иааны еибашьуаз арԥыси рҭоурых.
"Ҳфильм ауаҩытәыҩсатә лахьынҵа иазкуп. Иҟалон урҭ ахаангьы рымҩақәа еиԥымлар, аха аԥсҭазаара ахатә гәҭакқәа амоуп. Аӡәы иԥсадгьыл ихьчон, егьи аиаша ихьчон. Аиаша шьак еицызлоу роуп еицызыхьчогьы", - лҳәеит арежиссиор.
Фатима Қәҭалиаԥҳа лфильм аибашьра зхызгаз ахәыҷқәа ирызкуп. Афильм афырхаҵа лашьеи лареи рыҩны иацәыхараны, Пицунда аԥсшьарҭақәа руак аҿы рхәыҷра шырхыргоз атәы лҳәоит. Ари аҭоурых лара лхәыҷқәа абри аԥсшьарҭахь иааганы ирзеиҭалҳәоит.
"Аибашьра ҳәарада ахәыҷтәы ԥсихологиа анырра анаҭеит. Аамҭа ца-цыԥхьаӡа уи ус шакәу еилыскаауа салагеит. Убри азы исыӡбеит усҟан иҭысхуаз ахәыҷқәа ирызкны афильм ҟасҵарц. Исҭахуп афильм збо ахәаԥшыҩцәа ргәалашәарақәа ирзыхынҳәырц", - ҳәа лҳәеит лара.
Музея Боевой славы им. Владислава Ардзинба - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2023
Аԥсны
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иазку афильмқәа раԥхьарбара арыцхәқәа еилкаахеит
Ажурналист Елеонора Гилоиан лдокументалә фильм – аибашьра аветеранцәеи дара рыхшареи иаарту реицәажәара ауп, иара убасгьы лара лира 11 мшы шагыз заб дҭахаз аҭыԥҳа лмонолог ауп.
"Аҭыхрақәа раан сфырхацәа ирҳәон џьара акы раԥхьаӡа акәны рхаҭақәа ишеилыркааз, ишыҟаз ран ма раб ирзеиҭарҳәаз. Ари акраҵанакуаны сахәаԥшуан. Убри аамҭазы иаҭахны избоит аиааира дуқәа –акультуратә, аекономикатә, агуманитартә иааирақәа шаҭаху. Ҳҭаацәа ззықәԥоз пату ақәҵаны иахьазы иаҳҭахны иҟоу аԥаҳҵалароуп", - ҳәа лҳәеит лара.
Зметраж кьаҿу асахьаркыратәии адокументалтәии фильмқәа рҭыхраз ахарџь рхыршәааит Акультура аминистрреи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа Рфонди.
Адокументалтә фильмқәа рҭыхразы 200-200 нызқь мааҭ рзоужьын, асахьаркыратә фильмқәа 300 нызқь мааҭ.
Ажәабжьқәа зегьы
0