Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хоџьааԥҳа афотоальбом "Ҳара ҳаруаа реиҳабы" азы: 10 шықәса иҟаҳҵоз апроект иахыркәшамҭоуп

Хоџьааԥҳа афотоальбом «Ҳара ҳаруаа реиҳабы» азы: 10 шықәса иҟаҳҵоз апроект иахыркәшамҭоуп
Анапаҵаҩра
"Ҳара ҳаруаа реиҳабы. Аиааира ашәақәа" захьӡу ашәҟәы апрезентациа мҩаԥысуеит цәыббра 26 рзы С.Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа драматә театр аҿы. Уи еиднакыло аматериалқәеи, иааидкыланы апроект ахаҭа аҵакыи ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит автор, ажурналист Емма Хоџьааԥҳа.
Аиааира амш 30 шықәса ахыҵра иазкны иҟалоит аибашьцәа ргәалашәара иазку ахәылԥаз, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны афотоальбом "Ҳара ҳаруаа реиҳабы" ӡыргахоит ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Хоџьааԥҳа.
"Афотоальбом 10 шықәса инарзынаԥшуа иҟаҳҵоз апроект ахыркәшамҭоуп. Афильмқәеи ашәақәеи еидызкыло акоуп. Иҟаӡамызт аибашьраҿы ирҳәоз ашәақәа зегьы еизганы џьарак ианҵаны ашәҟәаҿы. Амузыка абзиабаҩцәа рзы, аибашьратә епос абзиабаҩцәа рзы, иҳамҭа бзианы иҟалоит ҳәа сгәы иаанагоит. Апроект аԥҵара раԥхьатәи ациклқәа инадыркны ажәлар ирылаҵәеит. Иҳадҵаалон, зегьы ирҭахын, ирҳәаларц, иадырҳәаларц. Ажәақәа, амузыка, ирышьҭан. Сара сгәанала ари ҳамҭа дууп. Ашәҟәаҿы еизгоуп ашәақәагьы, анотақәагьы", - ҳәа еиҭалҳәеит Хоџьааԥҳа.
Апроет "Ҳара ҳаруаа реиҳабы" ажурналист лзы ҵакыс иамоу атәы далацәажәо Емма илҳәеит, иара ҭаацәала ирыԥсҭазаараны ишыҟалаз.
"Насыԥ сымоуп ҳәа исыԥхьаӡоит, ҭаацәаныла ҳхы неилакны иаҳҳәыцыз ижәлар проектны иахьыҟалаз, амҽхак ахьыҭбаахаз", – ҳәа лҳәеит Хоџьааԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0