Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәатәи ашколхәыҷқәа рыбжьара ацәаҳәақәгылатә ашәа аицлабра мҩаԥысит

© Sputnik / Леон Адлейба Конкурс строевой песни среди школьников прошел на сухумской набережной
Конкурс строевой песни среди школьников прошел на сухумской набережной - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.09.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа ахақәиҭтәразы аоперациа хацыркын 1993 шықәса цәыббра 16 рзы. 11 мшы рышьҭахь аԥсуа ар ирылшеит Аҟәа ахақәиҭтәра.
АҞӘА, цәыббра 27 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәа, Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы ашколхәыҷқәа рыбжьара ацәаҳәақәгылатә ашәа аицлабра мҩаԥысит.
Аныҳәатә уснагӡатә алахәылацәа имҩаныргеит аԥсуа бираҟ ду. Иара убасгьы ашҭаҿы иқәыргылан Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭыхыз афотосахьақәа.
Ауснагӡатә еиҿнакааит аҳҭнықалақь ахадара. Абиԥара ҿа рахь ихы нарханы дықәгылеит Аҟәа ахада Беслан Ешба.
"Гәыкала ишәыдысныҳәалар сҭахуп Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа ахақәиҭтәра 30 шықәса ахыҵра амш. Аветеранцәа ишәзеиҭарҳәахьеит, аҭоурых ала ижәдыруеит ари ажәылара аибашьра аиааираҿы ихадараз акакәны ишыҟалаз", - иҳәеит иара.
Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи азаазгаз афырхацәа шәара шәзы иҿырԥшыгазароуп ҳәа иҳәеит Ешба.
Ахәыҷқәа идырбан напышьашәалатәи аибашьра аелементқәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0