https://sputnik-abkhazia.info/20230927/urystylanti-aruaa-stepanakert-ialaz-azharany-aakha-zauz-auaa-atskhyraara-ryroit-1048276585.html
Урыстәылантәи аруаа Степанакерт иҟалаз аԥжәараҟны ааха зауз ауаа ацхыраара рырҭоит
Урыстәылантәи аруаа Степанакерт иҟалаз аԥжәараҟны ааха зауз ауаа ацхыраара рырҭоит
Sputnik Аҧсны
Цәыббра 25 рзы Степанакерт –Аскеран амҩаду иацәыхарамкәа абылтәыеизакырҭа ԥжәеит. 27.09.2023, Sputnik Аҧсны
2023-09-27T16:40+0300
2023-09-27T16:40+0300
2023-09-27T16:40+0300
урыстәыла
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/09/1b/1048271626_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_4f7c28ec186c003d83536c2ae4544aad.jpg
АҞӘА, цәыббра 27 - Sputnik. Урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа Степанакерт абылтәыеизакырҭаҿы иҟалаз атҟәацраан ааха зауз 58-ҩык ахыргеит, абри атәы аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра. "Уажәазы агоспитальқәеи рҟынтәи иахыгоуп быжьҩык, амедицинатә центр аҟнытәи 35-ҩык, амедицинатә отриад- 16-ҩык атәылауаа ииагоуп апрофильтә медусҳәарҭақәа рахь" – иҳәеит амедгәыԥ аиҳабы Павел Суслов. Урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа Ашьха Ҟарабах рнапынҵақәа нарыгӡоит. Уажәазы дара хылаԥшра рырҭоит зыҩнқәа ирзырхымло 522 ҭынч уааԥсыра. Урҭ рҟынтәи 293 –ҩык хәыҷқәоуп. Аҩаша, цәыббра 19 рзы Азербаиџьан Ашьха Ҟарабах ареспублика иахьаҵанакуа "ҭыԥ-ҭыԥла атеррористҿагыларатә операциа" иалагеит, урҭ хықәкыс ирымоуп аконституциатә мчра аиҭашьақәыргылара. Цәыббра 20 азы Ашьха Ҟарабах ахымца аанкыларазы еиқәшаҳаҭхеит. Аиқәшаҳаҭра алыршахеит урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа рнапхгаҩцәа рыбжьаҟазара иабзоураны. Уи амч аиуеит цәыббра 20 асааҭ 13:00 инаркны. Цәыббра 25 рзы Степанакерт –Аскеран амҩаду иацәыхарамкәа абылтәыеизакырҭа ԥжәеит. Ааха роуит 200-ҩык рҟынӡа. Урҭ ацхыраара рырҭоит урыстәылатәи амедусзуҩцәа.
урыстәыла
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/09/1b/1048271626_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_911fc94203a7e0dd03f0ada5a144c919.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Урыстәылантәи аруаа Степанакерт иҟалаз аԥжәараҟны ааха зауз ауаа ацхыраара рырҭоит
Цәыббра 25 рзы Степанакерт –Аскеран амҩаду иацәыхарамкәа абылтәыеизакырҭа ԥжәеит.
АҞӘА, цәыббра 27 - Sputnik. Урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа Степанакерт абылтәыеизакырҭаҿы иҟалаз атҟәацраан ааха зауз 58-ҩык ахыргеит, абри атәы аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Зцәа-зжьы блыз ауаа Урыстәыла асанитартә авиациа ала актәи ацхыраара хьрырҭаз агоспитальқәеи амедицинатә центри рҟынтәи апрофильтә медусҳәарҭақәа рахь иргоит.
"Уажәазы агоспитальқәеи рҟынтәи иахыгоуп быжьҩык, амедицинатә центр аҟнытәи 35-ҩык, амедицинатә отриад- 16-ҩык атәылауаа ииагоуп апрофильтә медусҳәарҭақәа рахь" – иҳәеит амедгәыԥ аиҳабы Павел Суслов.
Урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа Ашьха Ҟарабах рнапынҵақәа нарыгӡоит. Уажәазы дара хылаԥшра рырҭоит зыҩнқәа ирзырхымло 522 ҭынч уааԥсыра. Урҭ рҟынтәи 293 –ҩык хәыҷқәоуп.
Аҩаша, цәыббра 19 рзы Азербаиџьан Ашьха Ҟарабах ареспублика иахьаҵанакуа "ҭыԥ-ҭыԥла атеррористҿагыларатә операциа" иалагеит, урҭ хықәкыс ирымоуп аконституциатә мчра аиҭашьақәыргылара.
Цәыббра 20 азы Ашьха Ҟарабах ахымца аанкыларазы еиқәшаҳаҭхеит. Аиқәшаҳаҭра алыршахеит урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа рнапхгаҩцәа рыбжьаҟазара иабзоураны. Уи амч аиуеит цәыббра 20 асааҭ 13:00 инаркны.
Цәыббра 25 рзы Степанакерт –Аскеран амҩаду иацәыхарамкәа абылтәыеизакырҭа ԥжәеит. Ааха роуит 200-ҩык рҟынӡа. Урҭ ацхыраара рырҭоит урыстәылатәи амедусзуҩцәа.