Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аветеран Бганԥҳа: иқәыло дшаҵахо ахаангьы еилкаан, сгәы еиҭамԥацызт аибашьра ҳаҵахоит ҳәа

Аветеран Бганԥҳа: иқәыло дшаҵахо ахаангьы еилкаан, сгәы еиҭамԥацызт аибашьра ҳаҵахоит ҳәа
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы арадио Sputnik аефир ала ицоит адырраҭара "Дцон аԥҳәызба еибашьра". Уи рызкуп аибашьра мҩа ианысыз аҭыԥҳацәа, аҳәса.
Аԥсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, амедеиҳәшьа, "Агәымшәараз" амедал занашьоу Марина Бганԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны илгәалалыршәеит аибашьра шалагаз, лашьа ишыиҭахымыз ажәыларақәа рахь лышьҭра, аԥсадгьыл ахьчаҩцәа дышрылагылаз.
"Ҭоумышь ақыҭа ҭадырцәуан ианар 15 рзы. Усҟан иааит исышьҭаланы. Убасҟан ацхыраара рысҭеит ахәра зауз ҩыџьа-хҩы. Саб дыхәны Тҟәарчал ахәшәтәырҭаҟны дышьҭан. Уи Гәдоуҭаҟа дсымгар амуӡеит. Уа ацхыраара ирҭеит, дааныжьны Очамчыраҟа сзыхынҳәындаз ҳәа сгәаҟуан. Сашьа уахь ахы даҿагылан, уахь иаҳа саҭахуп ҳәа азысыԥхьаӡеит, аха сцара цәгьахеит. Мызкы ашьҭахь Нода Џьынџьали сареи "Шьараҭын" агәыԥ аҟны ҳҽанаҳҵеит. Март азы ажәылара аныҟаз, Нода исеимҳәаӡеит, иареи сареи қыҭала ҳаигәылацәоуп, маӡала дцеит. Оҭар Ԥалаванӡиеи Славик Бебиеи Гәдоуҭа очамчыраа рыштаб аҟны исықәшәеит. Сгәылацәа Кутолҟа ацара бҭахӡамеи анырҳәа, сышԥамцоз. Амедеиҳәшьа дырҭахын. Убас агәыԥ "Душман" сақәшәеит. 28 шықәса схыҵуан. Агәыԥ 45 раҟара еиднакылон. Нанули Ашәԥҳаи сареи ҳаицын. Уи агәыԥ салан аиааира амш аҟынӡа", -лҳәеит Бганԥҳа.
Лара илгәалалыршәеит ԥхынгәымза 9 рзы ргәыԥ аӷацәа шрыкәшаз, усҟан дҭахар еиӷьуп ҳәа ԥхьаӡаны ԥхьаҟа дышдәықәлаз, ҳаибашьцәагьы шлышьҭалаз.
"Сҭамхаӡеит, зегь сышьҭалеит, ҳалҵит, амала уааҵәҟьа сыхшыбаҩ ҵасит (арҭҟәацга ашьҭахь-азгәаҭа), слахаҵ гежьит, аха ҳаиманы ҳҭыԥахь ҳгьежьит",- лҳәеит Бганԥҳа.
Лара иазгәалҭеит ақәылаҩцәа шаҵахо азы гәыҩбара шлымамыз.
"Наполеон Москва дақәлан изымгаӡеит, анемеццәа убас. Иқәыло ахаангьы дшаҵахо еилкаан, сгәы еиҭамԥацызт аибашьра ҳаҵахоит ҳәа. Насгьы сашьа сиқәгәыӷуан. "Урҭ зегьы ара иҭаҳҟәаҟәоит, аӡәгьы иԥсы ҭаны дызцаӡом" иҳәон. Аҭоурых иҟаз сақәгәыӷны агәра згон аиааира шаҳгоз. Агәрагара, аидгылара, апатуеиқәҵара ҳаман. Арҭқәа зегьы аиааирахь шьаҿа-шьаҿала ҳаргон",- лҳәеит Бганԥҳа.
Лара лгәы иаланы иазгәалҭеит аибашьра ашьҭахь ажәлар аидгылара ахьаадмырԥшуа, амал иахнаԥааз ахьыҟалаз.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәлшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0