https://sputnik-abkhazia.info/20230929/aveteran-yzhba-ala-raa-gymsati-afront-aibashtsa-izaaskaru-a-arzyshuan-1048334204.html
Аветеран Ҭыжәба: ҳала ҭраа Гәымсҭатәи афронт аибашьцәа изааскьару ҳәа ҳарзыԥшуан
Аветеран Ҭыжәба: ҳала ҭраа Гәымсҭатәи афронт аибашьцәа изааскьару ҳәа ҳарзыԥшуан
Sputnik Аҧсны
Мрагыралатәи Мраҭашәаратәи афронтқәа реиқәшәара шықәсык иназынаԥшуа ҳаибашьцәа ззыԥшыз хҭысын. Ари амш иацыз ацәаныррақәа ртәы, Мрагыларатәи афронт аибашьцәа... 29.09.2023, Sputnik Аҧсны
2023-09-29T21:45+0300
2023-09-29T21:45+0300
2023-09-29T21:45+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/09/1d/1048334000_0:0:1280:721_1920x0_80_0_0_c4320768ed54b3a069e26fe3d80a1db9.jpg
Аветеран Ҭыжәба: ҳала ҭраа гәымсҭатәи афронт изааскьару ҳәа ҳарзыԥшуан
Sputnik Аҧсны
Аветеран Ҭыжәба: ҳала ҭраа гәымсҭатәи афронт изааскьару ҳәа ҳарзыԥшуан
Мрагыралатәи Мраҭашәаратәи афронтқәа реиқәшәара шықәсык иназынаԥшуа ҳаибашьцәа ззыԥшыз хҭысын. Ари амш иацыз ацәаныррақәа ртәы, Мрагыларатәи афронт аибашьцәа ирхыргаз, насгьы Аиааира амш ишазыԥшыз атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Агәымшәараз амедал занашьоу Нугзар Ҭыжәба.Нугзар маркәылатәи абаталион далан, аибашьра аԥхьатәи амшқәа рзы хык ҳақәызҵоз дыҟамызт Лакәыт Зарандиа даанӡа ҳәа еиҭеиҳәоит аветеран."Абџьарқәа еиҭныԥсахло ҳцон апозициақәа рахь. Ҩ-рожокк змаз деибашьҩы ӷәӷәан ҳәа ҳаԥхьаӡон. Анцәа иеиԥш Владислав Арӡынба ишьҭахь ҳзықәгәыӷуаз Лакәыт иакәын. Аибашьра еилгаанӡа абџьар ҳаиҷаҳауан. Исгәалашәоит, Ашықәс ҿыц ауха, аӷацәа бџьарла ихысны ажәҩан аҿы асахьақәа анҭырхуаз, ҳара ҳтәаны ҳаԥшуан, зныкгьы ҳазхысуамызт, ҳаиҷаҳауан. Абџьар ануку уӷәӷәоушәа угәы иабоит, узлахысуа умамкәа аӡә даауԥыларгьы, уи аҳәара мариоуп, аха ақәшәара даара ицәгьоуп", - ҳәа игәалаиршәоит Ҭыжәба.Ҳала ҭраа ҳарзыԥшуан Гәымсҭатәи афронт аибашьцәа, избанзар ҳамчқәа ыҟамызт, бџьарла ҳаибыҭамызт ҳәа еиҭеиҳәоит аветеран."Убарҭ ракәын ҳзықәгәыӷуаз. Алашара ҳамамызт, арадио аккумулиаторқәа рыла иаҿакны кыр ҳаҳауазар ҳәа ҳазыӡырҩуан. Ҳахьтәаз аӡәгьы дцәажәаӡомызт. Зегьы рыла ҭраа иԥшуан изааскьару знык ҳәа", - еиҭеиҳәеит Ҭыжәба.Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/09/1d/1048334000_106:0:1245:854_1920x0_80_0_0_c15711191dc5700ee8c1d9430ec9f33f.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Мрагыралатәи Мраҭашәаратәи афронтқәа реиқәшәара шықәсык иназынаԥшуа ҳаибашьцәа ззыԥшыз хҭысын. Ари амш иацыз ацәаныррақәа ртәы, Мрагыларатәи афронт аибашьцәа ирхыргаз, насгьы Аиааира амш ишазыԥшыз атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Агәымшәараз амедал занашьоу Нугзар Ҭыжәба.
Нугзар маркәылатәи абаталион далан, аибашьра аԥхьатәи амшқәа рзы хык ҳақәызҵоз дыҟамызт Лакәыт Зарандиа даанӡа ҳәа еиҭеиҳәоит аветеран.
"Абџьарқәа еиҭныԥсахло ҳцон апозициақәа рахь. Ҩ-рожокк змаз деибашьҩы ӷәӷәан ҳәа ҳаԥхьаӡон. Анцәа иеиԥш Владислав Арӡынба ишьҭахь ҳзықәгәыӷуаз Лакәыт иакәын. Аибашьра еилгаанӡа абџьар ҳаиҷаҳауан. Исгәалашәоит, Ашықәс ҿыц ауха, аӷацәа бџьарла ихысны ажәҩан аҿы асахьақәа анҭырхуаз, ҳара ҳтәаны ҳаԥшуан, зныкгьы ҳазхысуамызт, ҳаиҷаҳауан. Абџьар ануку уӷәӷәоушәа угәы иабоит, узлахысуа умамкәа аӡә даауԥыларгьы, уи аҳәара мариоуп, аха ақәшәара даара ицәгьоуп", - ҳәа игәалаиршәоит Ҭыжәба.
Ҳала ҭраа ҳарзыԥшуан Гәымсҭатәи афронт аибашьцәа, избанзар ҳамчқәа ыҟамызт, бџьарла ҳаибыҭамызт ҳәа еиҭеиҳәоит аветеран.
"Убарҭ ракәын ҳзықәгәыӷуаз. Алашара ҳамамызт, арадио аккумулиаторқәа рыла иаҿакны кыр ҳаҳауазар ҳәа ҳазыӡырҩуан. Ҳахьтәаз аӡәгьы дцәажәаӡомызт. Зегьы рыла ҭраа иԥшуан изааскьару знык ҳәа", - еиҭеиҳәеит Ҭыжәба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.