Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахыбра аамҭа акапсула агәыларҵеит

© Sputnik / Асмат Цвижба В Верховном суде Абхазии заложили капсулу времени
В Верховном суде Абхазии заложили капсулу времени - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.09.2023
Анапаҵаҩра
100 шықәса ҵуеит Аԥсны еиҿкаауижьҭеи азеиԥш иурисдикциа иаҵанакуа аӡбарҭақәа.
АҞӘА, цәыббра 29 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахыбра аамҭа акапсула агәыларҵеит, иара аартра азыԥхьагәаҭоуп 2073 шықәса лаҵара 13 азы, 150 шықәсазтәи аиубилеи аан.
Ԥхьаҟатәи абиԥарақәа рахь анашьҭымҭа даԥхьеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы Саида Быҭәԥҳа. Лара иазгәалҭеит 100 шықәса шҵуа Аԥсны еиҿкаауижьҭеи азеиԥш иурисдикциа иаҵанакуа аӡбарҭақәа ҳәа. Ари аамҭа иалагӡаны ирацәоуп иҟаҵоу Аԥсны Аҳәынҭқарра исуверентәу, идемократиатәу, изинтәу ҳәынҭқаррак аҳасабала иҟаларазы лҳәеит лара.
"Ҳгәыӷуеит 50 шықәса рышьҭахьгьы Аԥсны аӡбаҩцәа руалԥшьа шынарыгӡо азы, обиективла, иашарыла, Аԥсны Аконституциеи азакәанқәеи ирықәныҟәаны ихьыԥшым аиашаӡбара шымҩаԥыргало", - лҳәеит Быҭәԥҳа.
Аамҭа акапсула иҭарҵеит азеиԥш иурисдикциа иаҵанакуа аӡбарҭақәа 100 шықәса рхыҵраантәи аныҳәатә фотосахьақәа, Аԥсны азакәанԥҵаратә ҭыжьымҭақәа, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аусбарҭатә ҳамҭақәа, амонографиа "Аԥсны Аҳәынҭқарра аӡбарҭатә система аҭоурых", Иреиҳаӡоу аӡбарҭа астатистикатә еизга (1994-2022 шш.).
"Агәра аагоит азеиԥш иурисдикциа иаҵанакуа аӡбарҭақәа рыӡбаҩцәеи русзуҩцәеи Аԥсны иаԥсоу абиԥараны, ирылшо зегь шыҟарҵало аӡбарҭатә система ахьӡ-аԥша арӷәӷәаразы, ауаҩи атәылауаҩи рзинқәеи аконституциатә беиареи рыхьчара хықәкыс измоу ихьыԥшым аӡбарҭатә система ашьақәыргыларазы", - лҳәоит Быҭәԥҳа.
Акапсула ахыбра агәылаҵара иалахәын Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аусзуҩцәа рхәыҷқәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0