https://sputnik-abkhazia.info/20230929/lasha-ashba-aakhy-uastylati-adelegatsia-idikyleit-1048337419.html
Лаша Ашәба Аахыҵ Уаԥстәылатәи аделегациа идикылеит
Лаша Ашәба Аахыҵ Уаԥстәылатәи аделегациа идикылеит
Sputnik Аҧсны
Аахыҵ Уаԥстәылатәи аделегациа алахәхоит Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш иазку агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа. 29.09.2023, Sputnik Аҧсны
2023-09-29T18:50+0300
2023-09-29T18:50+0300
2023-09-29T19:38+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
лаша ашәба
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/09/1d/1048327796_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_20c666b25a3c7ea65aa212e68c2afc74.jpg
АҞӘА, цәыббра 29 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьба. Аԥсны Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба идикылеит Аахыҵ Уаԥстәылатәи аделегациа ахәаша, цәыббра 29 рзы.Аахыҵ Уаԥстәылатәи аделегациа иалоуп – Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент аекономикеи, анаплакра маҷи, ақыҭанхамҩеи рзы аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Арсен Квезерови Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент атәылахьчареи ашәарҭадареи рзы аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Роберт Остаеви.Ашәба иколлегацәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аиааиреи Ахьыԥшымреи риубилеи аҽны Аԥсны жәлар иахьрывагылаз.Арсен Квезеров даԥхьеит Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент аиҳабы иҟаиҵаз адныҳәалара. Ашәҟәаҿы иануп Аиааира Амш - аԥсуа жәлар жәытәнатә аахыс ирымаз ргәаҳәара ишасимволу, аҭоурыхтә иашара ишаныҳәоу, шьала икәабаны, аџьабаа дуӡӡа адбаланы ишаагоу.Иара убас, уа иазгәаҭоуп Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар ҳаҭыр ду шрықәырҵо аԥсуааи дареи рыиашьаратә еизыҟазаашьақәа. Аганқәа аҳамҭақәа еимырдеит - Аахыҵ Уаԥстәылатәи аделегациа Лаша Ашәба ирҭеит ареспублика аҭоурых зну ашәҟәи Асовет Еидгыла Афырхацәа рыхьӡала иаԥҵоу амедалқәеи. Аԥсны Апарламент аиҳабы иакәзар, асасцәа ириҭеит аԥсуа џьоуҳарқәа зынҵоу аҟамақәеи атәыла аҭыԥ ԥшӡарақәа зну афотошәҟәи.
https://sputnik-abkhazia.info/20230929/alan-gagloev-anyat-usnagata-ikhy-rylairkhyrts-asnya-daait-1048316092.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230929/aslan-bzhania-nkhy-kavkazti--adelegatsia-alakhylatsa-idikyleit-1048329822.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/09/1d/1048327796_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_28f07121306424ec328ab31e34328795.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, лаша ашәба
Лаша Ашәба Аахыҵ Уаԥстәылатәи аделегациа идикылеит
18:50 29.09.2023 (ирҿыцуп: 19:38 29.09.2023) Аахыҵ Уаԥстәылатәи аделегациа алахәхоит Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш иазку агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа.
АҞӘА, цәыббра 29 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьба. Аԥсны Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба идикылеит Аахыҵ Уаԥстәылатәи аделегациа ахәаша, цәыббра 29 рзы.
Аахыҵ Уаԥстәылатәи аделегациа иалоуп – Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент аекономикеи, анаплакра маҷи, ақыҭанхамҩеи рзы аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Арсен Квезерови Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент атәылахьчареи ашәарҭадареи рзы аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Роберт Остаеви.
Ашәба иколлегацәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аиааиреи Ахьыԥшымреи риубилеи аҽны Аԥсны жәлар иахьрывагылаз.
Арсен Квезеров даԥхьеит Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент аиҳабы иҟаиҵаз адныҳәалара. Ашәҟәаҿы иануп Аиааира Амш - аԥсуа жәлар жәытәнатә аахыс ирымаз ргәаҳәара ишасимволу, аҭоурыхтә иашара ишаныҳәоу, шьала икәабаны, аџьабаа дуӡӡа адбаланы ишаагоу.
"Иҳаҩсхьоу ашықәсқәа шаҳаҭра руеит ихьыԥшым зых иақәиҭу Аԥсны исуверентәи адемократиатә ҳәынҭқарра аԥҵаразы азин анагӡаразы изну амҩа шиашоу, ақәҿиарақәагьы шамоу. Шәҳәынҭқарра иарҿиоит аекономика, асоциалтә усхк, уи акультуреи аҭоурыхи еиқәырхо иааиуеит", - ҳәа адныҳәалара даԥхьеит адепутат.
Иара убас, уа иазгәаҭоуп Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар ҳаҭыр ду шрықәырҵо аԥсуааи дареи рыиашьаратә еизыҟазаашьақәа.
Аганқәа аҳамҭақәа еимырдеит - Аахыҵ Уаԥстәылатәи аделегациа Лаша Ашәба ирҭеит ареспублика аҭоурых зну ашәҟәи Асовет Еидгыла Афырхацәа рыхьӡала иаԥҵоу амедалқәеи. Аԥсны Апарламент аиҳабы иакәзар, асасцәа ириҭеит аԥсуа џьоуҳарқәа зынҵоу аҟамақәеи атәыла аҭыԥ ԥшӡарақәа зну афотошәҟәи.