https://sputnik-abkhazia.info/20230930/aiaaira-30-shysa-iazku-aparad-ialageit-aa-1048351147.html
Аиааира 30 шықәса иазку апарад иалагеит Аҟәа
Аиааира 30 шықәса иазку апарад иалагеит Аҟәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра азгәарҭоит асабша, цәыббрамза 30 рзы. 30.09.2023, Sputnik Аҧсны
2023-09-30T11:15+0300
2023-09-30T11:15+0300
2023-09-30T11:26+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/09/1d/1048339786_0:189:2969:1859_1920x0_80_0_0_fc1b33ece497f14df7c1aea0e8025cbf.jpg
АҞӘА, цәыббра 30 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра иазку арратә парад иалагеит Аҟәа, абри атәы аҭыԥ аҟынтәи иааицҳауеит Sputnik акорреспондент.Зықьҩыла Аԥсны атәылауааи асасцәеи еизеит Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы рыблақәа рыла ирбарц апарад.Ахақәиҭра ашҭахь инаргеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟи Аиааира абираҟи. Атәылахьчара аминистр Владимир Ануеи апарад анапхгаҩы Беслан Ҵәыџьбеи рмашьынақәа еиԥылеит. Ҵәыџьба адырра ҟаиҵеит апарад иалахәу аусбарҭақәа зегьы уи ақәсра ишазхиоу. Раԥхьаӡа акәны сынтәа Аиааира апарад иалахәуп Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәу ҩ-гәыԥк, урҭ ирылахәуп иҷыдоу аҟәша аибашьцәеи амилициа ашкол акурсантцәеи. Есышықәса ишаԥу еиԥш, сынтәагьы апарад иалахәуп 7-тәи аурыс арратә базеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ иатәу Аҳәаахьчаратә маҵзура, иара убас ареспубликаҿы инхо аказакцәа. 1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан игаз Аиааира Амш - Аԥсны реиҳа акрызҵазкуа аныҳәақәа ируакуп. Цәыббра 30 рзы атәыла ахи-аҵыхәеи иахьабалак агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа еиҿкаауп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/09/1d/1048339786_119:0:2850:2048_1920x0_80_0_0_4d33f3403752d05914ca660b71c0ccc8.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аиааира 30 шықәса иазку апарад иалагеит Аҟәа
11:15 30.09.2023 (ирҿыцуп: 11:26 30.09.2023) Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра азгәарҭоит асабша, цәыббрамза 30 рзы.
АҞӘА, цәыббра 30 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра иазку арратә парад иалагеит Аҟәа, абри атәы аҭыԥ аҟынтәи иааицҳауеит Sputnik акорреспондент.
Апарад иалахәуп Аԥсны Атәылахьчара аминистрра архәҭақәа зегьы, иара убас амчратә усбарҭақәа зегьы рхаҭарнакцәа - Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура, Амиграциатә маҵзура, Аҳазалхратә еилакы, АҶА, Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура, иара убас ихьанҭоу атехникеи авиациеи.
Зықьҩыла Аԥсны атәылауааи асасцәеи еизеит Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы рыблақәа рыла ирбарц апарад.
Ахақәиҭра ашҭахь инаргеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟи Аиааира абираҟи. Атәылахьчара аминистр Владимир Ануеи апарад анапхгаҩы Беслан Ҵәыџьбеи рмашьынақәа еиԥылеит. Ҵәыџьба адырра ҟаиҵеит апарад иалахәу аусбарҭақәа зегьы уи ақәсра ишазхиоу.
Раԥхьаӡа акәны сынтәа Аиааира апарад иалахәуп Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәу ҩ-гәыԥк, урҭ ирылахәуп иҷыдоу аҟәша аибашьцәеи амилициа ашкол акурсантцәеи. Есышықәса ишаԥу еиԥш, сынтәагьы апарад иалахәуп 7-тәи аурыс арратә базеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ иатәу Аҳәаахьчаратә маҵзура, иара убас ареспубликаҿы инхо аказакцәа.
1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан игаз Аиааира Амш - Аԥсны реиҳа акрызҵазкуа аныҳәақәа ируакуп. Цәыббра 30 рзы атәыла ахи-аҵыхәеи иахьабалак агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа еиҿкаауп.