https://sputnik-abkhazia.info/20231001/1048399567.html
Аԥсны ахьчаҩцәа, ахатәгәаԥхаҩцәа, аныхаԥааҩцәа: Аиааиранӡа амҩа
Аԥсны ахьчаҩцәа, ахатәгәаԥхаҩцәа, аныхаԥааҩцәа: Аиааиранӡа амҩа
Sputnik Аҧсны
Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш аҳаҭыр азы Аҟәа астадион "Динамо" аҿы имҩаԥысит атеатртә анимациатә қәгылара. 01.10.2023, Sputnik Аҧсны
2023-10-01T00:11+0300
2023-10-01T00:11+0300
2023-10-01T00:15+0300
аԥсны
афотосахьақәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/09/1e/1048400916_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_1d6d1fa0b07f92002655186720c2dca5.jpg
Арежиссиор Ҭемыр Кәакәасқьыр адекорациақәа, артистцәа, акәашаҩцәа, архивтә кадрқәа рыла илшеит аибашьра ҟалаанӡа Аԥсны аԥсҭазаара шеилашуаз, аибашьра аныҟалаз аҭагылазаашьа зеиԥшраз аарԥшра. Асценаҿы ахәаԥшцәа рҿаԥхьа ицәырҵуан аӷацәа рыруаа, Аԥсны ахьчаҩцәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз, аныхаԥааҩцәа. Афырхацәа зегьы рыкәашарақәа рыла иаадырԥшуан аибашьраан Аԥсны аҵеицәа ирылаз агәымшәареи, аԥсадгьыл ахь абзиабареи, ирхыргоз арыцҳарақәеи.Ашоу хыркәшан Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба иажәақәа рыла, иара убас Аԥсны агимн арҳәо абираҟ ашьҭыхрала. Ари иахәаԥшуаз зегьы рнапеинҟьабжь еихсыӷьуамызт.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/09/1e/1048400916_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_f33fa2b7aa6588de4586713e3eb6f844.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
фото, афотосахьақәа
Аԥсны ахьчаҩцәа, ахатәгәаԥхаҩцәа, аныхаԥааҩцәа: Аиааиранӡа амҩа
00:11 01.10.2023 (ирҿыцуп: 00:15 01.10.2023) Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш аҳаҭыр азы Аҟәа астадион "Динамо" аҿы имҩаԥысит атеатртә анимациатә қәгылара.
Арежиссиор Ҭемыр Кәакәасқьыр адекорациақәа, артистцәа, акәашаҩцәа, архивтә кадрқәа рыла илшеит аибашьра ҟалаанӡа Аԥсны аԥсҭазаара шеилашуаз, аибашьра аныҟалаз аҭагылазаашьа зеиԥшраз аарԥшра.
Асценаҿы ахәаԥшцәа рҿаԥхьа ицәырҵуан аӷацәа рыруаа, Аԥсны ахьчаҩцәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз, аныхаԥааҩцәа. Афырхацәа зегьы рыкәашарақәа рыла иаадырԥшуан аибашьраан Аԥсны аҵеицәа ирылаз агәымшәареи, аԥсадгьыл ахь абзиабареи, ирхыргоз арыцҳарақәеи.
Ашоу хыркәшан Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба иажәақәа рыла, иара убас Аԥсны агимн арҳәо абираҟ ашьҭыхрала. Ари иахәаԥшуаз зегьы рнапеинҟьабжь еихсыӷьуамызт.

Аҟәа астадион "Динамо" аҿы имҩаԥысит Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш аҳаҭыр азы атеатртә анимациатә қәгылара.

Ашоу аҿы акәашарақәеи, алашарақәеи, убла хызкуа ацхыраагӡақәеи ирыбзоураны иаарԥшын Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аԥхьа иҟаз аԥсҭазаара зеиԥшраз.

Ԥхынран. Ҽнак зны, ргәы рҭынчны аԥшаҳәаҿы инеиааиуаз Аԥсны ауаажәлар иргәылацәоуп ҳәа ирԥхьаӡоз ақырҭцәа рвертолиотқәа рхагьежьуа иалагеит.

Асценахь ицәырҵит аҟамақәа зкыз, амаҭәа ҟаԥшьқәа зшәыз, асабрада еиқәаҵәақәа зҿаз акәашаҩцәа, дара Қырҭтәыла ар аадырԥшуан.

Арежиссиорцәа иаҳдырбеит аӷа аԥсуа жәлар ширгәаҟуаз, изҭаиргылаз арыцҳарақәа.

Ари ақәгылара аперсонаж хадацәа иреиуахеит аныхаԥааҩцәа быжьҩык.

Дара аибашьраангьы аҵакы ӷәӷәа рыман ҳажәлар ргәышьҭыхразы.

Аԥсны ар ракәзар, иршәын ицырцыруаз ашкәакәа-араӡны маҭәақәа.

Арежиссиорцәа ицәырыргеит зԥацәа, зыԥҳацәа, зашьцәа зыԥшәмацәа аибашьра изцәалаӡыз аҳәсагьы.

Урҭ иаадырԥшыз ацәаныррақәа ахәаԥшцәа ргәаҵанӡа инеит, урҭ гыланы рнапқәа рзеинырҟьон.

Аҭыԥҳацәа рыкәашарала аԥсуа ҳәсақәа ахаангьы рыжәҩахыр иқәыз аҭакԥхықәра ддырбеит.

Аҵыхәтәаны "араӡны" еибашьцәа аӷа "ҟаԥшь" ииааит.

Аԥсны Аиааира агеит, ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рымҩа ианылеит.

Ашоу хыркәшан аԥсуа бираҟ ашьҭыхрала.