Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа: Урыстәыла Украина имҩаԥнаго аоперациа ҷыда ҳадгылаҩуп

© Foto / МИД АбхазииПрезидент Республики Абхазия Аслан Бжания, Министр иностранных дел Республики Абхазия Инал Ардзинба проводят встречу в Сочи с Министром иностранных дел Российской Федерации Сергеем Лавровым
Президент Республики Абхазия Аслан Бжания, Министр иностранных дел Республики Абхазия Инал Ардзинба проводят встречу в Сочи с Министром иностранных дел Российской Федерации Сергеем Лавровым - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.10.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 3 – Sputnik. Аԥсны адгылоит Урыстәыла Украина имҩаԥнаго аоперациа ҷыда, абас аҳәамҭа ҟаиҵеит Аслан Бжьаниа Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови иареи реиԥылараан.
"Иазгәасҭар сҭахуп, иҳалшо ала Урыстәыла Украина имҩаԥнаго аоперациа ҷыда ҳшадгылаҩцәо. Ааигәа иаҳдырбон Канада апарламент аҿы СС иалахәыз напеинҟьарыла ишырԥылоз. Иҟоу аҭагылазаашьа, зыҟны аус ҳамоу убарҭоуп, убри азы аҵыхәтәанынӡа ҳшәыдгылаҩцәоуп", - иҳәеит иара.
Бжьаниа Урыстәыла анапхгара ҭабуп ҳәа реиҳәеит Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргыларазы аинвестициатә проект рнапы ахьаҵарҩыз азы.
"Ари аус ҳара ҳзы аҵакы аманы иҟоуп. Акраамҭа ҳазыԥшын", - иҳәеит иара.
Заседание министров иностранных дел ОДКБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.10.2023
Аԥсны
Лавров: Аԥсны ахьыԥшымра азхазҵаз аҳәынҭқаррақәа рхыԥхьаӡара ҳарҭбаауеит
Аслан Бжьаниа иара убасгьы ҭабуп ҳәа ахиҳәааит ҩ-тәылауаҩрак амазааразы аиқәшаҳаҭра рнапы ахьаҵарҩыз.
Бжьаниа иҳәеит Аԥсны ауааԥсыра Урыстәыла иаԥшьнаго аинтеграциатә процессқәа ишрыдгылаҩцәо.
"Ҳара иаҳҭахуп арҭ арпоцессқәа рылахәра, урҭ Аԥсны ауааԥсыра рҭахрақәа ирықәшәоит", - иҳәеит ахада.
Ажәабжьқәа зегьы
0