Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аҩӡба: Аԥсны ҳадгьыл шакәу еилкааны иаҳмырџьароуп

Аҩӡба: Аԥсны ҳадгьыл шакәу еилкааны иаҳмырџьароуп
Анапаҵаҩра
Арадио Sputnik астудиаҿы адырраҭара "Зхьышьҭра змырӡыз" аҳәаақәа ирҭагӡаны, зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаа еиҭарҳәоит рабацәеи рабдуцәеи ирыԥсҭазаашьаз, рразҟы зыӡбоз ахҭысқәа шыҿиоз, иахьа уажәраанӡа рхылҵшьҭрақәа знысуа амҩа.
Ҭырқәтәылантә забдуцәа рџьынџь ахь Аԥсныҟа ахынҳәра злахьынҵахаз дреиуоуп Ҳаиати Аҩӡба. Иара иҭоурыхтә ԥсадгьыл аҟны дынхоит шьҭа 15 шықәса инацны.
"Ауадаҩра ахьыҟам ҳәа џьаргьы иҟаӡам. Уажәы араантәи ицо Аԥсны имырџьароуп. Ара иагьа ибааԥсызаргьы ҳадгьыл ауп. Убри еилкааны ҳаҟазаруп… Агәам гәамрала уимыдгылароуп, бзиала уидгыланы дшьақәургылароуп. Аӡәы акы игзар, убри аҵәы иҵаҵаны игу ҳаррацәоит. Ауаа амшә абнаҟны икны ирыбжьоит, ауаҩы даҳзымбжьо аҟара иҟам, дҳабжьароуп. Ауаа зегьы бзианы ара сырмықәшәаӡеит, ибааԥсынгьы зегьы сырмықәшәеит", - иҳәеит Аҩӡба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0