Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аҩӡба: уамак ҳзымӡбозаргьы Амшынеиқәа-Кавказтәи арегион аҟны иҟоу еилаҳкаауазароуп

Аҩӡба: уамак ҳзымӡбозаргьы Амшынеиқәа-Кавказтәи арегион аҟны иҟоу еилаҳкаауазароуп
Анапаҵаҩра
“Аҭоурыхи ҳаамҭазтәи Амшынеиқәа- Кавказтәи арегиони рыпроблемақәеи” захьӡу жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа мҩаԥысит Аҟәа. Аԥсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 30 шықәсеи, Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара 15 шықәсеи рхыҵра аҳаҭыраз. Аконференциа амҩаԥысшьа далацәажәеит аҭоурых ҭҵаарадыррақәа рдоктор Аслан Аҩӡба.
Аҵарауаҩ иҳәеит аконференциа аусура х-секциакны ишеихшоу. Уи иалахәуп 15-ҩык инарзынаԥшуа анҭыҵынтә аҵарауаа. Аханатә ажәахәқәа 58 азгәаҭан, аха жәабаҟа аанхеит, избанзар аусмҩаԥгатәқәа еиқәшәеит иҳәеит Аҩӡба.
Аконференциа ажәахәқәа жәпакы Амшынеиқәа- Кавказтәи арегион аҟны аҭагылазаашьа иадҳәалоуп.
"Иахьа аҭагылазаашьа иҟоу жәбоит, Амшынеиқәа- Кавказтәи арегион аҿы адунеи зегь аҟны еиԥш иҭынчрам. Ажәахәқәа жәпакы иахьатәи аамҭазы иҟоу аиҿыхарақәа ирызкуп. Ҳара ҳлахьынҵа иадҳәалоуп. Уамак ҳмыӡбозаргьы арҭ апроцессқәа рҟны, иахьцалакгьы иҟоу еилаҳкаауазароуп, ҳалацәажәозароуп. Анҭыҵ иҟоу ргәаанагарагьы ҳазыӡырҩыр, иаҳзеиӷьымзар иаҳзеицәаӡам. Аконференциа аматериалқәа ҭыжьхоит. Аҭҵаарадырра, аполитика аԥхьа иқәгылоу апроблемақәа рыӡбараҿы ауаҩы ихы иаирхәыртә иҟалозар ҳәа агәыӷра ҳамоуп", - иҳәеит Аҩӡба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0