Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

2023 шықәсазы аԥарахсаалага "Аԥра" ала ашәарақәа 26 миллиард мааҭ инареиҳаны иартәеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Карты Апра и Мир
Карты Апра и Мир  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.10.2023
Анапаҵаҩра
2022 шықәса ари аамҭазы аԥарахсаалага "Аԥра" ала 22 миллиарди 659 миллион мааҭ ашәарақәа мҩаԥган, уи алагь 18% еиҳахеит.
АҞӘА, жьҭаара 7 - Sputnik. Амилаҭтә ԥарашәаратә система "Аԥра" ахсаалагақәа зегь рыла жьҭаара 1 2023 шықәсазы атауарқәеи амаҵзурақәеи рыхә ахшәаареи, иара убас иамхыз аԥара напынҵеи 26 миллиарди 225 миллион мааҭ ыҟоуп, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит амилаҭтә ԥарашәаратә система "АԤРА" анагӡаратә директор Инал Кьышьмариа.
Иазгәеиҭеит, абанктә хсаалагақәа рыла атауарқәеи амаҵзурақәеи рыхә ахшәаара 33% рҟынӡа ишазҳаз. 2022 шықәсазы жәымз рыла ахсаалагала ишәан 7 миллиардки 412 миллион мааҭ, 2023 шықәса ари аамҭаз - 9 миллиардки 903 миллион мааҭ.
Акыр ишеизҳаз убартә иҟоуп ахсаалага "Мир" ала ашәарақәа ҳәа иҳәеит Кьышьмариа. Иара иажәақәа рыла, 2023 шықәса жәымз рыла ахсаалага "Мир" ала атауарқәеи амаҵзурақәеи рыхә ахшәаареи, иамхыз аԥара напынҵеи 8 миллиардки 850 миллион мааҭ ыҟоуп, 2022 шықәсазы - 5 миллиардки 64 миллион мааҭ.
Анапынҵадатә хшәааратә система "Аԥра" ахсаалагақәа рыла 2023 шықәса жәымз рыҩнуҵаҟа аоперациақәа 551 миллион мааҭ рыхә мҩаԥган ҳәа иҳәеит Кьышьмариа. Убри аан иазгәеиҭеит, Урыстәылеи Аԥсны амилаҭтә хсаалага ахьрыдыркыло атәылақәеи рыҟны атауарқәеи амаҵзурақәеи рыхә 78 миллион мааҭ шрыхшәааз.
Кьышьмариа иажәақәа рыла, есышықәса Аԥсны абанкоматқәеи атерминалқәеи рхыԥхьаӡара иацлоит. Иахьазын ареспубликаҟны 4500 рҟынӡа ыҟоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0