Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Беиаԥҳа еиҭалҳәеит Аԥсны Аиааира 30 шықәса ахыҵразы Тамбов ацәыргақәҵа шеиҿкаау атәы

Беиаԥҳа еиҭалҳәеит Аԥсны Аиааира 30 шықәса ахыҵразы Тамбов ацәыргақәҵа шеиҿкаау атәы
Анапаҵаҩра
"Ҳаиқәхарц азы аԥсра ҳаԥылон" захьӡу аҭоурых-документалтә цәыргақәҵа мҩаԥысуеит Тамбов. Уи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра иазкуп. Тамбов ас еиԥш ацәыргақәҵа аиҿкаара шыҟалаз, ишеиқәыршәоу, аҭааҩ иибарц илшо атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ацәыргақәҵа аиҿкаара иацхрааз Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Мзиа Беиаԥҳа.
Ацәыргақәҵа злашьақәгылоу аинформациатә стендқәа рҟны ицәыргоуп афотосахьақәа, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра атәы еиҭазҳәо адокументқәа. Уи хықәкыс иамоуп зегь раасҭа игәыҭшьаагоу Аԥсны иҿыцӡоу аҭоурых адаҟьа ауаажәлар рызнагара, разхьарԥшра. Ацәыргақәҵа Тамбов аус аулоит жьҭаара 30-нӡа.
2012 шықәса раахыс Тамбови Аҟәеи ақалақьқәа аиашьара рыбжьоуп. Ацәыргақәҵақәа реиҿкааразы уи аԥхьагьы аҽазышәарақәа ыҟан, сынтәа уи алыршахеит лҳәеит Беиаԥҳа.
"Сынтәа ҳара ара ҳарзыԥшын ацәыргақәҵа рыманы иаауеит ҳәа, аха ҳныҳәа хԥаҟа мчыбжьа шыбжьаз, тамбоваа ҳаибашьреи ҳиааиреи иазкны апланшеттә цәыргақәҵа ҟарҵарц рыӡбеит. Ҳара даара ирацәаны ауснагӡатәқәа еиҿаҳкаауан ари аамҭазы, азныказы ҳаабжьажьеит, иаҳзеиҿкааарыма, ҳахьӡарыма ҳәа. Акыргьы ҳадхалеит, аха ҳҭҵаарадырратә усзуҩцәа Артур Лакрба, Вадим Аргәын, Дмитри Счастныи даара иргәаԥхеит ари алагалажәа, иҟаҳамҵаргьы ҟалом рҳәеит. Еиҿыркааит аибашьра ахы инаркны аҵыхәанӡа иаазыркьаҿны аҭоурых аматериалтә текст, насгьы урҭ шьақәзырӷәӷәашаз афотосахьақәа", - лҳәеит Беиаԥҳа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0