00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Самсониаԥҳа аибашьразы: ԥхыӡу лабҿабоу сзымдыруа аҟынӡа саннеиуазгьы ыҟан

Самсаниаԥҳа аибашьразы: ԥхыӡу лабҿабоу ҳәа сзымдыруа аҟынӡа саннеиуазгьы ыҟан
Анапаҵаҩра
"Агәымшәаразы" амедали Леон иордени занашьоу, амилициа аполковник Мзиа Самсаниаԥҳа еиҭалҳәеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра лалахәхара шыҟалаз, лгәашәараҿы иаанхаз аибашьра ахҭысқәа, арра маҵзура аибашьра анаҩсгьы ишылхылгоз, Гал ахәра ӷәӷәа шлоуз 1998 шықәсазы, анаҩс лыԥсҭазаара шышьақәгылаз.
"Сқыҭа Бедиа саб иҩнаҭаҟны ҳаибашьцәа рыштаб ыҟан. Аибашьра ианалага 22 шықәса схыҵуан, ҩыџьа аишьцәа сыман (Рамази Ҭамази –азгәаҭа), руаӡәы дсыԥхахьеит. Дара сара сеиҳа ихәыҷқәан, аха аибашьра ианца, саргьы снарывагылеит. Уԥсадгьыл ухьчароуп, уара иумыхьчар, уаҳа изыхьчода? Аштаб ҳара ҳҿы иҟан. Аҷкәынцәа акрырҿаҵатәын, рыхәра ҿаҳҳәатәын, маҭәала еиқәыршәатәын... Иҟан сцәа сҭаӡыӡуа, ԥхыӡу лабҿабоу ҳәа сзымдыруа аҟынӡа саннеиуазгьы", - лҳәеит Самсаниаԥҳа.
Аибашьра иалагеижьҭеи зхабар лзымдыруаз лашьа Рамаз Самсониа иӡбахә еилылкаарц, Мзиа жәабранмза 1993 шықәсазы илылшеит Тҟәарчалынтәи Гәдоуҭаҟа вертолиотла анеира. Аӷацәа идырбаандаҩыз, анаҩс аиҭныԥсахлараан иоурыжьыз лашьеи лареи мшаԥымзазы еиқәшәеит. Мзиа Самсаниаԥҳа хатәгәаԥхарала Уаԥстәылантәи иааз Бибо Дзуцев напхгара зиҭоз аибашьцәа ргәыԥ далалеит, Гәымсҭатәи ахырхарҭаҟны деибашьуан.
"…Сыла ихгылоуп иаҳхаагаз. Уԥсы ҭанаҵы иухашҭып ҳәа сыҟаӡам ас еиԥш акаамеҭ", - лҳәеит Самсаниаԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0