https://sputnik-abkhazia.info/20231008/izykhyaan-irkhcho-ashara-izeishrouzei-kydryti-akhaa-1048516999.html
Изыхӡыӡаан ирхьчо аԥшӡара: изеиԥшроузеи Кәыдрытәи аҩхаа
Изыхӡыӡаан ирхьчо аԥшӡара: изеиԥшроузеи Кәыдрытәи аҩхаа
Sputnik Аҧсны
Кәыдрытәи аҩхаа – ари Аԥсны убла хызкуа аҭыԥқәа ируакп, аха иара амшын аҟынтәи 1300 метра инаркны 3984 метра рҟынӡа аҳаракыраҿ иҟоуп. 08.10.2023, Sputnik Аҧсны
2023-10-08T11:11+0300
2023-10-08T11:11+0300
2023-10-08T11:23+0300
аԥсны
афотосахьақәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0a/05/1048465446_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_2ad83c9a145028841c0e5bc4e78c5261.jpg
Кәыдрытәи аҩхааҿ иҟоуп ақыҭақәа Ажара, Чхалҭа, Ԥҭыш дара рыҩнуҵҟагьы аҳабла маҷқәа рылагь еихшоуп. Аԥшаҳәаҟны инхо аҭыԥантәи ауааԥсыра шмаҷугьы арахәааӡареи, адгьылқәаарыхреи, ашәарыцареи хныҟәгагас ирымоуп.Аԥшаҳәа ашьхаҭыпаҿ излаҟоу ала, араҟа ашықәс аҩнуҵаҟа 180 мшы асы шьҭоуп. Лассы-ласс ақәа леиуеит, аӡын ҳауаԥхарра бжьаратәла -3 рҟынӡа илаҟәуеит. Аԥхын агәазы +28 градус аԥхарра ҟалоит.Кәыдрытәи аҩхаа ҳәырԥсарроуп – Амилаҭ парк адгьылҵакыра 120 нызқь гектар ыҟоуп. Ари аҭыԥ аҟны еиқәханы иҟоуп здаҟам аҵиаақәеи аԥстәқәеи рдунеи - ҿырԥштәыс иаагозар, араҟа изҳауеит зшьапы шәпоу акыр иаҳараку амзаҵлақәа.Урҭ рыдагьы аҩхааҟны ирызҳауеит хыԥхьаӡара рацәала уаҟа ада даҽаџьара иуԥымло аҭыԥантәи аҵиаа хкқәа. Урҭ рыбжьара аԥсуа гәил, ахәыц еиԥшу ацаҟьахыш, ижәытәӡатәиу ашьхаҳаршьыл, богадтәи аҽашәҭ, аԥсуа аҳәарч.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0a/05/1048465446_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_bc8d4f5025b6f01ba6ddc671f6526f15.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
афотосахьақәа, фото
Изыхӡыӡаан ирхьчо аԥшӡара: изеиԥшроузеи Кәыдрытәи аҩхаа
11:11 08.10.2023 (ирҿыцуп: 11:23 08.10.2023) Кәыдрытәи аҩхаа – ари Аԥсны убла хызкуа аҭыԥқәа ируакп, аха иара амшын аҟынтәи 1300 метра инаркны 3984 метра рҟынӡа аҳаракыраҿ иҟоуп.
Кәыдрытәи аҩхааҿ иҟоуп ақыҭақәа Ажара, Чхалҭа, Ԥҭыш дара рыҩнуҵҟагьы аҳабла маҷқәа рылагь еихшоуп. Аԥшаҳәаҟны инхо аҭыԥантәи ауааԥсыра шмаҷугьы арахәааӡареи, адгьылқәаарыхреи, ашәарыцареи хныҟәгагас ирымоуп.
Аԥшаҳәа ашьхаҭыпаҿ излаҟоу ала, араҟа ашықәс аҩнуҵаҟа 180 мшы асы шьҭоуп. Лассы-ласс ақәа леиуеит, аӡын ҳауаԥхарра бжьаратәла -3 рҟынӡа илаҟәуеит. Аԥхын агәазы +28 градус аԥхарра ҟалоит.
Кәыдрытәи аҩхаа ҳәырԥсарроуп – Амилаҭ парк адгьылҵакыра 120 нызқь гектар ыҟоуп. Ари аҭыԥ аҟны еиқәханы иҟоуп здаҟам аҵиаақәеи аԥстәқәеи рдунеи - ҿырԥштәыс иаагозар, араҟа изҳауеит зшьапы шәпоу акыр иаҳараку амзаҵлақәа.
Урҭ рыдагьы аҩхааҟны ирызҳауеит хыԥхьаӡара рацәала уаҟа ада даҽаџьара иуԥымло аҭыԥантәи аҵиаа хкқәа. Урҭ рыбжьара аԥсуа гәил, ахәыц еиԥшу ацаҟьахыш, ижәытәӡатәиу ашьхаҳаршьыл, богадтәи аҽашәҭ, аԥсуа аҳәарч.

Кәыдрытәи аҩхаа ыҟоуп Аԥсны аҩада-мрагылара Кәыдры аӡиас аҩадатәи ахәҭа аҟны.

Араҟа иҟоуп ашьха қыҭақәа Ажара, Чхалҭа, Ԥҭыш, дара рыҩнуҵҟагьы аҳабла маҷқәа рылагь еихшоуп.

Аҭыԥантәи ауааԥсыра ашьхааӡара рнапы алакуп.

Уи адагьы анхацәа арахә рааӡоит.

Кәыдрытәи аҩхааҟны иуԥылоит ажәытә ҩнқәа.

Аԥсны мрагыларатәи ахәҭа беиоуп еиуеиԥшым аҵиаахкқәа рыла.

Кәыдрытәи аҩхаа ҳәырԥсарроуп – Амилаҭ парк адгьылҵакыра 120 нызқь гектар ыҟоуп.

Аҩхааҟны иазҳауеит хыԥхьаӡара рацәала уаҟа ада даҽаџьара иуԥымло аҭыԥантәи аҵиаа хкқәа.

Ари аҭыԥ аҟны еиқәханы иҟоуп здаҟам аҵиаақәеи аԥстәқәеи рдунеи- ҿырԥштәыс иаагозар, араҟа изҳауеит зшьапы шәпоу акыр иаҳараку амзаҵлақәа.

Кәыдрытәи аҩхаа амшын аҟынтәи 1300 метра инаркны 3984 метра рҟынӡа аҳаракыраҿ иҟоуп.

Ашықәс аҩнуҵаҟа аҩхааҿ 180 мшы асы шьҭоуп.

Аԥхарра аныҟоу аамҭақәа рзы, араҟа хкы рацәала ашәҭқәа гәылптуеит.