Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Инал Арӡынба: ишәҭыкакаҷуа ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа реидгыла ҳадгылаҩуп

© Sputnik / Томас ТхайцукИнал Ардзинба
Инал Ардзинба - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.10.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Владимир Путины иареи Шәача реиқәшәараан далацәажәеит ареспублика аинтеграциатә еидгылақәа рылахәхара азҵаара, иҳәеит Аԥсны шазыхио Аидгылатә ҳәынҭқарратә алахәхара.
АҞӘА, жьҭаара 10 - Sputnik. Аԥсны адгылаҩуп Урыстәылеи Беларуссиеи Рҳәынҭқарратә еидгыла, абас иҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Актәи аканал адырраҭара "Большая игра" аинтервиу аҭо.
"Ҳара ҳақәшаҳаҭуп ихьыпшым аҳәынҭқаррақәа рыԥҟарақәа рықәныҟәара, аҳәынҭқаррабжьаратә еидгылақәа атәылақәа ҳаҭыр анрықәырҵо, урҭ ркультуратә код, рхаҭара пату анақәырҵо", - иҳәеит иара.
Арӡынба иҳәеит Аԥсны ахаҭарнакцәа уажәы Аидгылатә ҳәынҭқарра аҿиашьеи, Урыстәылеи Беларуси еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҟны русеицуреи шҭырҵаауа..
Минск Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵарц азы- ауасхыр азышьҭаҵара ҳаҿуп иҳәеит аминистр.
"Ҳара ауасхыр азышьҭаҵара ҳаҿуп ари аӡбамҭа рыдыркыларазы. Азхаҵара ахала изалшаӡом, уи азырхиатәуп. Еиҿкаатәуп аусеицуразы аԥҟарақәа, иалагатәуп ахәаахәҭра-економикатә, акультура-гуманитартә проектқәа рынагӡара. Беларуссиатәи ҳашьцәеи ҳареи уажәы ари азҵаарақәа аус рыдаҳулоит", - иҳәеит иара.
Инал Арӡынба иазгәеиҭеит аԥснытәи атауарқәа беларуссиатәи аџьармыкьахь раԥхьаӡакәны рнеира шеиҿкаау, Очамчыра араион аҿы асанатор-курорттә комплекс ду аргылареиԥш иҟақәоу хыԥхьаӡара рацәала апроектқәа аганқәа шрылацәажәо.
Арӡынба иажәақәа рыла, Атәыла аиҳабыра Беларуссиеи Аԥсни рыбжьара аусхктә еинырра ашьақәыргыларазы хара имгакәа Минскҟа ицараны иҟоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0