https://sputnik-abkhazia.info/20231010/lavrov-mraasharati-atylaa-rkhymagashazy-irympyaaua-ayzhara-aankylara-razyrshoit-1048547018.html
Лавров Мраҭашәаратәи атәылақәа рхымҩаԥгашьазы: ирымпыҵӡаауа аԥыжәара аанкылара рҽазыршәоит
Лавров Мраҭашәаратәи атәылақәа рхымҩаԥгашьазы: ирымпыҵӡаауа аԥыжәара аанкылара рҽазыршәоит
Sputnik Аҧсны
ЕАР Ассамблеиа хада 78-тәи асессиаҿы излацәажәаз ахҳәаа ҟаиҵеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров. 10.10.2023, Sputnik Аҧсны
2023-10-10T15:04+0300
2023-10-10T15:04+0300
2023-10-10T15:04+0300
урыстәыла
ажәабжьқәа
аполитика
сергеи лавров
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/02/02/1043915867_0:0:3073:1728_1920x0_80_0_0_278caae3412ed488bf5405b35201f272.jpg
ЕАР Ассамблеиа хада 78-тәи асессиаҿы ааигәа ихыркәшахаз азеиԥшполитикатә еимакы-еиҿакы ишьақәнарӷәӷәеит: адунеи шьаҭанкыла аҽыԥсахра иаҿуп. Ҳабла иабоит еиҳа аиашара змоу, ахырхарҭарацәа змоу адунеиеиҿкаара ҿыц аӡрыжәхара ишаҿу. Уаҵәтәи амш ацәаара гәылшәоит аиҿагылара ӷәӷәа аҵаны. Ганкахьала 85% иҟоу адунеиуаажәларра реиҳара ықәгылоит амазарақәа иашашьаҭала реихшараз, ацивилизациатә еиԥшымзаара ҳаҭыр ақәҵараз, жәларбжьаратәи аԥсҭазаара адемократиатәраз. Егьи аганахь ала ЕАА зхадараҿы игылоу мраҭашәаратәи аҳәынҭқаррақәа аколониалтә методқәа рхархәарала ирымпыҵӡаауа аԥыжәара аанкылара рҽазыршәоит. "Аколлективтә Мраҭашәара" иахаҿырбаганы иҟоуп аиҟарара апринцип адымкылара, уи иадҳәалоу аилибымкаарагьы. Адунеи зегь хыхьынтә ҵаҟа ахәаԥшра иашьцылахьоу америкааи урҭ европатәи рсателлитцәеи аҭакԥхықәра иаҵазыргылаша ахыдҵақәа ргоит, аха нас урҭ гәыгәҭарыжьуеит. Урыстәыла ахада В.В.Путин ишазгәеиҭаз еиԥш, Мраҭашәара "мцҳәарҭатә империахеит", уи ус шакәу егьырҭ атәылақәагьы ибзианы ирдыруеит. 2021 шықәса анҵәамҭазы –2022 шықәса алагамҭазы ЕААи, НАТОи ҳареи Украина аблокынҭыҵтәи астатус шыҟоу иааныжьны, Европа ашәарҭадараз ахәдықәҵаратә еиқәшаҳаҭрақәа ҳабжьаҵаразы ҳажәалагалақәа ҽхарззарыла мап рыцәкын. Мраҭашәара киевтәи арежим бџьарла еибынаҭеит, амчрахь аҳәынҭқарратә шьақәгылара аиҭакрала инаган дара иртәыз ауаа.Ицәырҵуеит агәаанагара ЕААи иара иамҵакәашо "аколлективтә Мраҭашәареи" "Монро идоктрина" аглобалтә проекциа арҭарц рҭахуп ҳәа. Арҭ агәҭакқәа рылаԥшхырԥара адагьы ишәарҭоуп, аха "Pax Americana" ҿыц аидеологцәа акы иннакылом. ЕАР Аԥҟаԥҵәа еилаго мраҭашәаратәи аелитақәа егьырҭ атәылақәа иддырҵо иалагеит аҳәынҭқаррабжьаратә еимадарақәа шымҩаԥыргалаша, ишырҭаху еиԥш адәныҟатәи аполитика амҩаԥгара азин рымхуа. "Аколлективтә Мраҭашәара" иааҟәымҵӡакәа аҽа тәылак аҩнуҵҟатә усқәа ахрыламгалара апринцип хада ршьапы иаҵадырҟьыцуеит. Уи азы аҿырԥштәқәа рацәоуп: Америкеи Иугославиеи инадыркны Ираки Ливиеи рҟынӡа. Уажәы ҷыдала азхьаԥшра арҭо иалагеит асоветшьҭахьтәи аҵакыраҿ аекспансиа амҩаԥгара. Зегь еицырдыруа акоуп СССР анеилаҳа инаркны ЕАА иаартны Украина аҵанарҽыларц ишаҿыз. Уи маӡара аҵамызт. Аҳәынҭмчра анахырҳәа ашьҭахь, П.Порошенкеи инаҩс В.Зеленскии раамҭақәа рзы иарбанызаалак аурысшьаҭа змоу мап ацәкразы азакәанқәа рыдыркыло иалагеит– аҵарадырраҿ, АИХқәа рҿы, акультураҿ, абаҟақәеи ашәҟәқәеи рықәхраҿ. Арҭ зегьы ЕАР Аԥҟаԥҵәа ахәҭаҷ 1 ап. 3 ирыҵаркуа ауаҩытәыҩса изинқәеи ихақәиҭрақәеи еиларгоит. Арҭ азакәанқәа "аҳәынҭқарра иауалуп аурысқәеи егьыр амилаҭ маҷқәеи рзинқәа ҳаҭыр рықәҵалатәуп" ҳәа зҳәо Украина Аконституциагьы иаҿагылоит. Киев иауалԥшьан ЕАР Ашәарҭадаратә хеилак арезолиуциа ҷыда ишьақәнарӷәӷәаз, ЕАР Аԥҟаԥҵәа ахәҭаҷ 36 иақәшәо, 12.02.2015ш. азы анапы зҵаҩыз "Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡараз ауснагӡатәқәа ркомплекс" аганахь ала жәларбжьаратәи ахыдҵақәа рынагӡара. Аха, ииасыз ашықәс азы Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа знапы аҵазҩыз, В.В.Путин ида (А.Меркель, Ф.Олланд, П.Порошенко), иаартны ирҳәеит ари адокумент рнапы анаҵарыҩуазгьы анагӡара ргәы ишҭамыз. Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа рпакет инақәыршәаны Урыстәыла, Германиа, Франциа, Украина рхадацәа иара убасгьы рнапы аҵарҩит адекларациа, зыҟны Берлини Парижи Донбасс абанктә система аиҭашьақәыргылара назлоу ахыдҵа рацәа зныԥшуаз. Аха ари аус анагӡаразы рнапгьы рымҟьышьит. П.А.Порошенко иакәзар Донбасс иадҟаиҵалеит ахәаахәҭратә, аекономикатә, атранспорттә блокада. Иахьатәи ҳаппонентцәа рриторикаҿ иҟоуп абарҭ алозунгқәа: "ажәылара, агрессиа, аннексиа". Убри аан ажәакгьы рҳәом иҵаулоу апроблемақәа рзы, шықәсырацәала иаартны анацисттә режим шеиҵарааӡоз азы. ЕААР Аԥҟаԥҵәа аҭахрақәа шьаҭас измоу амаҭәартә еицәажәара Мраҭашәара мап ацәнакуеит. Иаарту адиалог азы дара ирымаӡам аргументк. Угәы иаанамгар ауам мраҭашәаратәи ахаҭарнакцәа аимак-аиҿак иацәшәоит ҳәа. Ииашан урҭ ацәшәоит рдемагогиа рыҵырдыраар ҳәа. Агрессиа змоу Мраҭашәара иалшеит жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҟны акризис аԥҵара. Еиҳа-еиҳа рыҽдырҭбаауеит аглобалтә еиҿагылара ашәарақәа. Иара убри аан иҟоуп ари аҭагылазаашьа алҵшьа. Уи азы аԥхьа иргыланы адунеи алахьынҵазы дасу иҭакԥхықәра шыҟоу идырроуп. 80 шықәса раԥхьа ЕАР Аԥҟаԥҵәа рнапы анаҵарыҩуаз адунеи ԥхьагылаҩцәа еилацәажәеит а"ҳәынҭқаррақәа зегьы реиҟарара ҳаҭыр шақәырҵало" азы. В.В.Путин иазгәеиҭеит: "Ҳҿаԥхьа иқәгылоуп адҵа – адунеиеиҿкаара ҿыц аԥҵара" ҳәа. Ари иаанагом иҟоу, уаанӡа иаԥҵаз зегь аҵәаӷәа рыхьшьтәуп ҳәа. Адунеи ҿыц аргылара иашьагәыҭуп ЕАР Аԥҟаԥҵәа. Уажәазы ихадару иара аиламыжьроуп, аԥҟаԥҵәатә принципқәа алкааны ахархәара рзымуроуп, атәылақәа зегьы рзы ихәарҭахартә аҟаҵароуп. Адунеитә еилазаара алахәылацәа зегьы ахыҵхырҭа азыгьыжьра рылдыршар, ЕАР Аԥҟаԥҵәа инақәыршәаны рхыдҵақәа аус аҿы рхы иадырхәар – иҟалоит алшара хырхарҭа заҵәыктәи аамҭа ацәхьаҵраз. Адунеи алахьынҵазы аколлективтә ҭакԥхықәра аилкаареи аҵагылареи ҳахьынӡазыхио ҳнарбараны иҟоуп ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада иаԥшьгамҭала ҽааны имҩаԥгахо "Саммит будущего" аҽазыҟаҵара.
https://sputnik-abkhazia.info/20230326/putin-mraashara-aa-argyloit-uaana-afashistt-germania-iargyloz-reish-1044856730.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230227/lavrov-urystyla-aakhkaarazy-mraashara-agaka-alyrsham-1044348662.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230202/lavrov-mraashara-iaakhup-urystyla-azy-yrtyla-irbyzhkygakhar--1043927543.html
https://sputnik-abkhazia.info/20231006/putin-mraasharati-agegemonia-adiagnoz-azyirgyleit-1048486788.html
урыстәыла
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/02/02/1043915867_86:0:2817:2048_1920x0_80_0_0_dea31136e66f88da01ecfbb4f3037a21.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аполитика, сергеи лавров
ажәабжьқәа, аполитика, сергеи лавров
Лавров Мраҭашәаратәи атәылақәа рхымҩаԥгашьазы: ирымпыҵӡаауа аԥыжәара аанкылара рҽазыршәоит
ЕАР Ассамблеиа хада 78-тәи асессиаҿы излацәажәаз ахҳәаа ҟаиҵеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
ЕАР Ассамблеиа хада 78-тәи асессиаҿы ааигәа ихыркәшахаз азеиԥшполитикатә еимакы-еиҿакы ишьақәнарӷәӷәеит: адунеи шьаҭанкыла аҽыԥсахра иаҿуп.
Ҳабла иабоит еиҳа аиашара змоу, ахырхарҭарацәа змоу адунеиеиҿкаара ҿыц аӡрыжәхара ишаҿу. Уаҵәтәи амш ацәаара гәылшәоит аиҿагылара ӷәӷәа аҵаны. Ганкахьала 85% иҟоу адунеиуаажәларра реиҳара ықәгылоит амазарақәа иашашьаҭала реихшараз, ацивилизациатә еиԥшымзаара ҳаҭыр ақәҵараз, жәларбжьаратәи аԥсҭазаара адемократиатәраз. Егьи аганахь ала ЕАА зхадараҿы игылоу мраҭашәаратәи аҳәынҭқаррақәа аколониалтә методқәа рхархәарала ирымпыҵӡаауа аԥыжәара аанкылара рҽазыршәоит.
"Аколлективтә Мраҭашәара" иахаҿырбаганы иҟоуп аиҟарара апринцип адымкылара, уи иадҳәалоу аилибымкаарагьы. Адунеи зегь хыхьынтә ҵаҟа ахәаԥшра иашьцылахьоу америкааи урҭ европатәи рсателлитцәеи аҭакԥхықәра иаҵазыргылаша ахыдҵақәа ргоит, аха нас урҭ гәыгәҭарыжьуеит. Урыстәыла ахада В.В.Путин ишазгәеиҭаз еиԥш, Мраҭашәара "мцҳәарҭатә империахеит", уи ус шакәу егьырҭ атәылақәагьы ибзианы ирдыруеит.
2021 шықәса анҵәамҭазы –2022 шықәса алагамҭазы ЕААи, НАТОи ҳареи Украина аблокынҭыҵтәи астатус шыҟоу иааныжьны, Европа ашәарҭадараз ахәдықәҵаратә еиқәшаҳаҭрақәа ҳабжьаҵаразы ҳажәалагалақәа ҽхарззарыла мап рыцәкын. Мраҭашәара киевтәи арежим бџьарла еибынаҭеит, амчрахь аҳәынҭқарратә шьақәгылара аиҭакрала инаган дара иртәыз ауаа.
Ицәырҵуеит агәаанагара ЕААи иара иамҵакәашо "аколлективтә Мраҭашәареи" "Монро идоктрина" аглобалтә проекциа арҭарц рҭахуп ҳәа. Арҭ агәҭакқәа рылаԥшхырԥара адагьы ишәарҭоуп, аха "Pax Americana" ҿыц аидеологцәа акы иннакылом.
ЕАР Аԥҟаԥҵәа еилаго мраҭашәаратәи аелитақәа егьырҭ атәылақәа иддырҵо иалагеит аҳәынҭқаррабжьаратә еимадарақәа шымҩаԥыргалаша, ишырҭаху еиԥш адәныҟатәи аполитика амҩаԥгара азин рымхуа.
"Аколлективтә Мраҭашәара" иааҟәымҵӡакәа аҽа тәылак аҩнуҵҟатә усқәа ахрыламгалара апринцип хада ршьапы иаҵадырҟьыцуеит. Уи азы аҿырԥштәқәа рацәоуп: Америкеи Иугославиеи инадыркны Ираки Ливиеи рҟынӡа. Уажәы ҷыдала азхьаԥшра арҭо иалагеит асоветшьҭахьтәи аҵакыраҿ аекспансиа амҩаԥгара.
Зегь еицырдыруа акоуп СССР анеилаҳа инаркны ЕАА иаартны Украина аҵанарҽыларц ишаҿыз. Уи маӡара аҵамызт. Аҳәынҭмчра анахырҳәа ашьҭахь, П.Порошенкеи инаҩс В.Зеленскии раамҭақәа рзы иарбанызаалак аурысшьаҭа змоу мап ацәкразы азакәанқәа рыдыркыло иалагеит– аҵарадырраҿ, АИХқәа рҿы, акультураҿ, абаҟақәеи ашәҟәқәеи рықәхраҿ. Арҭ зегьы ЕАР Аԥҟаԥҵәа ахәҭаҷ 1 ап. 3 ирыҵаркуа ауаҩытәыҩса изинқәеи ихақәиҭрақәеи еиларгоит. Арҭ азакәанқәа "аҳәынҭқарра иауалуп аурысқәеи егьыр амилаҭ маҷқәеи рзинқәа ҳаҭыр рықәҵалатәуп" ҳәа зҳәо Украина Аконституциагьы иаҿагылоит.
Киев иауалԥшьан ЕАР Ашәарҭадаратә хеилак арезолиуциа ҷыда ишьақәнарӷәӷәаз, ЕАР Аԥҟаԥҵәа ахәҭаҷ 36 иақәшәо, 12.02.2015ш. азы анапы зҵаҩыз "Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡараз ауснагӡатәқәа ркомплекс" аганахь ала жәларбжьаратәи ахыдҵақәа рынагӡара. Аха, ииасыз ашықәс азы Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа знапы аҵазҩыз, В.В.Путин ида (А.Меркель, Ф.Олланд, П.Порошенко), иаартны ирҳәеит ари адокумент рнапы анаҵарыҩуазгьы анагӡара ргәы ишҭамыз.
Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа рпакет инақәыршәаны Урыстәыла, Германиа, Франциа, Украина рхадацәа иара убасгьы рнапы аҵарҩит адекларациа, зыҟны Берлини Парижи Донбасс абанктә система аиҭашьақәыргылара назлоу ахыдҵа рацәа зныԥшуаз. Аха ари аус анагӡаразы рнапгьы рымҟьышьит. П.А.Порошенко иакәзар Донбасс иадҟаиҵалеит ахәаахәҭратә, аекономикатә, атранспорттә блокада.
Иахьатәи ҳаппонентцәа рриторикаҿ иҟоуп абарҭ алозунгқәа: "ажәылара, агрессиа, аннексиа". Убри аан ажәакгьы рҳәом иҵаулоу апроблемақәа рзы, шықәсырацәала иаартны анацисттә режим шеиҵарааӡоз азы. ЕААР Аԥҟаԥҵәа аҭахрақәа шьаҭас измоу амаҭәартә еицәажәара Мраҭашәара мап ацәнакуеит. Иаарту адиалог азы дара ирымаӡам аргументк. Угәы иаанамгар ауам мраҭашәаратәи ахаҭарнакцәа аимак-аиҿак иацәшәоит ҳәа. Ииашан урҭ ацәшәоит рдемагогиа рыҵырдыраар ҳәа.
Агрессиа змоу Мраҭашәара иалшеит жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҟны акризис аԥҵара. Еиҳа-еиҳа рыҽдырҭбаауеит аглобалтә еиҿагылара ашәарақәа. Иара убри аан иҟоуп ари аҭагылазаашьа алҵшьа. Уи азы аԥхьа иргыланы адунеи алахьынҵазы дасу иҭакԥхықәра шыҟоу идырроуп. 80 шықәса раԥхьа ЕАР Аԥҟаԥҵәа рнапы анаҵарыҩуаз адунеи ԥхьагылаҩцәа еилацәажәеит а"ҳәынҭқаррақәа зегьы реиҟарара ҳаҭыр шақәырҵало" азы.
Жьҭаара 5 азы Валдаитәи афорум аилатәараҟны Урыстәыла ахада В.В.Путин иҳәеит дшадгылаҩу ЕАР Аԥҟаԥҵәа ҵаҵӷәны измоу жәларбжьаратәи азин арӷәӷәара. Ажәадгала ҟаиҵеит ахырхарҭарацәатә дунеи ашьақәыргыларазы иахәҭо ф-принципк: адунеи аартреи аимадареи, аицыҿиара шьаҭаны измоу аиԥшымзаара аҳаҭырқәҵара, аглобалтә напхгара аструктурақәа рылахәхара, зегь ринтересқәа рбаланс аҿы азеиԥшшәарҭадара, амазара иашарыла аихшара, зегьы рзы аиҟарара, амчра змоуи ибеиоуи рдиктат мап ацәкра – арбаны.
В.В.Путин иазгәеиҭеит: "Ҳҿаԥхьа иқәгылоуп адҵа – адунеиеиҿкаара ҿыц аԥҵара" ҳәа. Ари иаанагом иҟоу, уаанӡа иаԥҵаз зегь аҵәаӷәа рыхьшьтәуп ҳәа. Адунеи ҿыц аргылара иашьагәыҭуп ЕАР Аԥҟаԥҵәа. Уажәазы ихадару иара аиламыжьроуп, аԥҟаԥҵәатә принципқәа алкааны ахархәара рзымуроуп, атәылақәа зегьы рзы ихәарҭахартә аҟаҵароуп.
Адунеитә еилазаара алахәылацәа зегьы ахыҵхырҭа азыгьыжьра рылдыршар, ЕАР Аԥҟаԥҵәа инақәыршәаны рхыдҵақәа аус аҿы рхы иадырхәар – иҟалоит алшара хырхарҭа заҵәыктәи аамҭа ацәхьаҵраз.
Адунеи алахьынҵазы аколлективтә ҭакԥхықәра аилкаареи аҵагылареи ҳахьынӡазыхио ҳнарбараны иҟоуп ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада иаԥшьгамҭала ҽааны имҩаԥгахо "Саммит будущего" аҽазыҟаҵара.