Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аладатәи арратә округ атанкрныҟәцаҩцәа "аӷа" икәылӡтехника ҭадырхеит

© Foto / ЮВО АбхазииТанкисты ЮВО в Абхазии успешно поразили бронетехнику условного противника из орудий танков Т-72Б3
Танкисты ЮВО в Абхазии успешно поразили бронетехнику условного противника из орудий танков Т-72Б3 - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.10.2023
Анапаҵаҩра
Аҵаратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан Адыгеиа, Маиҟәаԥтәи аԥышәарҭаҿы.
АҞӘА, жьҭаара 11 - Sputnik. Аԥсны игылоу Аладатәи арратә округ атанкрныҟәцаҩцәа "аӷа" икәылӡтехника ҭадырхеит Адыгеиа, Маиҟәаԥтәи аԥышәарҭаҿы атанкқәа Т-72Б3 рыла ҳәа аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.
Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан уахынлагьы ҽынлагьы ицәырҵуази еиҭаҵуази ацәҟьарақәа ирықәкны.
"Аӷа" итанкқәа, икәылӡтехника иреиԥштәыз ацәҟьарақәа 60 секунд ирылагӡаны ицәырҵны рҽырҵәахуан, ари аҩыза аҭагылазаашьаан аекипаж аласреи икылкааны ахысреи рылдыршар акәын.
Амеханик-рныҟәцаҩцәа атанкқәа аныҟәара ахьыуадаҩу аҭыԥқәа рҿы, аԥсабаратәии напылаҟаҵаратәи аԥырхагақәа ирхысны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргон.
Ажәабжьқәа зегьы
0