Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсуа ар аԥҵоижьҭеи 31 шықәса ҵит

© Sputnik / Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПринятие присяги абхазскими курсантами, поступившими в российские военные вузы
Принятие присяги абхазскими курсантами, поступившими в российские военные вузы - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.10.2023
Анапаҵаҩра
1992 шықәса жьҭаара 11 рзы, Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аилашымҭаз, Гагра араион ахы ианақәиҭтәха, Атәылахьчара аминистрреи, Арбџьармчқәеи, Аштаб хадеи раԥҵаразы Ақәҵара рыдыркылеит.
АҞӘА, жьҭаара 11 – Sputnik. 1992 шықәса жьҭаара 11 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы Владислав Арӡынба Атәылахьчара аминистрреи Аштаб хадеи раԥҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Ари арыцхә официалла Аԥсны Арбџьармчқәа рымш ҳәа иԥхьаӡоуп — Аԥсны ар аира иамшуп.
Аҭоурыхҭҵааҩ Валикәа Ԥачлиа ишәҟәы "Инаӡаӡоу агәалашәара ашәҟәы" (1997) аҟны иҩуеит 1992 шықәса нанҳәа 18 рзы Владислав Арӡынба инапхгарала Атәылахьчаразы аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵан ҳәа.

"Аилак анапаҵаҟа еидкылан атәылахьчараз амчра зегьы. Аԥсны Арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩс далхын аполковник Виктор Какалиа, аштаб аиҳабыс – 1992 шықәса нанҳәа 15 рзы хатәгәаԥхарала Аԥсныҟа еибашьра иааз аполковник Сулҭан Сосналиев, Гәымсҭатәи ахьчаратә цәаҳәа адҵаҟаҵаҩс дҟаҵан амаиор Мушьни Хәарцкьиа, аполковник Сергеи Дбар Бзыԥтәи ахьчаратә цәаҳәа адҵаҟаҵаҩс дыҟан", - иҳәоит аҵарауаҩ.

1992 шықәса жьҭаара 2 рзы аԥсуа ари хатәгәаԥхарала еибашьуаз ротриадқәеи Гагра ахы иақәиҭыртәит, жьҭаара 6 рзы – Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭа зегьы.
"1992 шықәса жьҭаара 11 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет апрезидиум Атәылахьчара аминистрреи Аштаб хадеи раԥҵаразы Аусԥҟа рнапы аҵарҩит. Атәылахьчара аминистрра анеиҿыркаа, аминистрс дҟаҵан Владимир Аршба, иара Москватәи аиқәшаҳаҭра ашьҭахь Арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩыс дарҭеит, Аштаб хада аиҳабыс – Сулҭан Сосналиев", - иҩуеит аҵарауаҩ.
Аштаб хада аиԥш реиҿкаара иалагеит анапхгараҭарақәа, аҟәшақәа, амаҵзурақәа. 1992 шықәса жьҭаара 28 рзы иаԥҵан Арбџьармчқәа рҟны атыл амаҵзура, абџьари атехникеи рнапхгараҭара, амедицинатә маҵзура.
"Аибашьраан Атәылахьчара аминистрра аилазараҿ иаԥҵан аррамаҵзурауаа аус рыдызуло аинститут, нас уи акомиссарцәа ринститут ҳәа еиҭакын. Аԥсны Арбџьармчқәа ркомиссарс дҟаҵан аполковник Сергеи Шамба", - аҳәоит аҭыжьымҭа.
Ажьырныҳәа 8, 1993 шықәсазы Иреиҳаӡоу ахеилак Апрезидиум аҿы ирыдыркылеит ақәҵара Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак Апрезидиум ахантәаҩы Владислав Арӡынба атәыла Арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩ хадас иҟаҵаразы.
Ажәабжьқәа зегьы
0