https://sputnik-abkhazia.info/20261001/1066078762.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Башкортосҭан иҟанаҵо адгылара Аԥсны атәылауаа акыр ирныруеит ҳәа азгәеиҭеит Бадра Гәынба. Иара иазгәеиҭеит Башкортосҭан Акурултаи ахантәаҩы Андреи Назарови... 01.10.2026, Sputnik Аҧсны
2026-10-01T18:01+0300
2026-10-01T18:01+0300
2026-10-01T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0a/01/1066078596_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_360a1654a2e56152a1fc5cb1de0719eb.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Башкортосҭан иҟанаҵо адгылара Аԥсны атәылауаа акыр ирныруеит ҳәа азгәеиҭеит Бадра Гәынба. Иара иазгәеиҭеит Башкортосҭан Акурултаи ахантәаҩы Андреи Назарови иареи реиԥылараан ареспубликақәа рыбжьара аԥышәа аимдара аҵак ду шамоу. Аҳәынҭқарра ахада иара убасгьы Башкириа Аҳәынҭеизара ахантәаҩы иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш аҽны Аԥсны дахьаҭааз азы. Назаров Аԥсныҟа иаара аҳәаақәа ирҭагӡаны ареспубликақәа рпарламентқәа рыбжьара акоммиунике анапы шаҵаҩыз, уи инарҭбаау аиқәшаҳаҭра азырхиаразы Аԥсни Башкортосҭани рыбжьара азакәанԥҵараҿы аусдуларақәа реимдара шалнаршо атәы иҳәеит.
Аԥсны ашколқәа рҿы афатә ԥха еиҿкаауп жьҭаара 1 инаркны. Апрограмма аиҵбыратәи аклассқәа рҵаҩцәа ирзырхоуп, 66 школ рҿы инагӡахоит. Урҭ иахәҭоу зегьы рыла еиқәыршәоу усбарҭақәоуп — аҩнымаҭәеи ачысмаҭәеи, афатә аҟаҵаразы амаругақәеи, аԥечкақәеи, архьшәашәагақәеи ахьыҟоу крыфарҭақәоуп. 80 ҵараиурҭа рҿы ус еиԥш аҭагылазаашьақәа макьана иҟаӡам. Аҵаҩцәа ироулоит ачакәымпыли арыжәтәи: ажьырӡы, акакао, ачаи, ма аморс зҵазкуа афатәаалыҵтә еизга ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Аминистрра аиҳабы лхаҭыԥуаҩ Хьыбла Шамԥҳа.
Ацәыргақәҵа "Фазиль Искандер: ауаҩи уи икәша-мыкәшеи" даҭааит Бадра Гәынба аҟәатәи Ацентр "Ҳара ҳаицуп" аҟны. Аекспозициа шьақәгылоуп ашәҟәыҩҩы иҭаацәа В.И. Даль ихьӡ зху урыстәылатәи алитература аҭоурых амузеи иарҭаз аматериалқәа рыла ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура. Уи иаҵанакуеит ашәҟәыҩҩы иҭаацәеи иареи рфотосахьақәа, рнапылаҩырақәа, иавтографқәа зқәу ашәҟәқәа. Гәынба иазгәеиҭеит ацәыргақәҵа ишаныԥшуа Аԥсны ииз, изызҳаз ашәҟәыҩҩы ирҿиаратә мҩа, иара убас аԥсуа жәлар ркультуреи, ртрадициақәеи, рҷыдарақәеи.Иара убасгьы иӡырган абиԥарақәа реимадара, ауаҩытәыҩсатә еинырра зыԥсоу, атрадициақәа пату рықәҵара аазырԥшуа асахьаҭыхыҩ Евгениа Ионова линсталлиациа "Аԥсуа сасдкылара атрадициақәа. Агәырӷьаратә еишәачара".
Аԥсуа драматә театр цәыббра 30 рзы ақәаршыҩқәа раан аӡы аҵалеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит атеатр адиректор хада Хьыбла Мықәԥҳа. Аӡаҵалара мзыз хадас иаиуит атеатртә шҭаҿы ишьақәыргылоу асцена, уи амшын ахь ицо аӡырҩашқәа рымҩа акуеит. "Асеиԥш ҩынтә-хынтә иҟалахьеит. Аӡи аҳәынҵәеи атеатр аԥхасҭа ду арҭоит. Иԥхасҭахоит аҭӡамцқәа, адашьмақәа, аҩнымаҭәа", — ҳәа азгәалҭеит атеатр адиректор хада.
Башкортосҭан иҟанаҵо адгылара Аԥсны атәылауаа акыр ирныруеит ҳәа азгәеиҭеит Бадра Гәынба. Иара иазгәеиҭеит Башкортосҭан Акурултаи ахантәаҩы Андреи Назарови иареи реиԥылараан ареспубликақәа рыбжьара аԥышәа аимдара аҵак ду шамоу. Аҳәынҭқарра ахада иара убасгьы Башкириа Аҳәынҭеизара ахантәаҩы иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш аҽны Аԥсны дахьаҭааз азы. Назаров Аԥсныҟа иаара аҳәаақәа ирҭагӡаны ареспубликақәа рпарламентқәа рыбжьара акоммиунике анапы шаҵаҩыз, уи инарҭбаау аиқәшаҳаҭра азырхиаразы Аԥсни Башкортосҭани рыбжьара азакәанԥҵараҿы аусдуларақәа реимдара шалнаршо атәы иҳәеит.Аԥсны ашколқәа рҿы афатә ԥха еиҿкаауп жьҭаара 1 инаркны. Апрограмма аиҵбыратәи аклассқәа рҵаҩцәа ирзырхоуп, 66 школ рҿы инагӡахоит. Урҭ иахәҭоу зегьы рыла еиқәыршәоу усбарҭақәоуп — аҩнымаҭәеи ачысмаҭәеи, афатә аҟаҵаразы амаругақәеи, аԥечкақәеи, архьшәашәагақәеи ахьыҟоу крыфарҭақәоуп. 80 ҵараиурҭа рҿы ус еиԥш аҭагылазаашьақәа макьана иҟаӡам. Аҵаҩцәа ироулоит ачакәымпыли арыжәтәи: ажьырӡы, акакао, ачаи, ма аморс зҵазкуа афатәаалыҵтә еизга ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Аминистрра аиҳабы лхаҭыԥуаҩ Хьыбла Шамԥҳа.Ацәыргақәҵа "Фазиль Искандер: ауаҩи уи икәша-мыкәшеи" даҭааит Бадра Гәынба аҟәатәи Ацентр "Ҳара ҳаицуп" аҟны. Аекспозициа шьақәгылоуп ашәҟәыҩҩы иҭаацәа В.И. Даль ихьӡ зху урыстәылатәи алитература аҭоурых амузеи иарҭаз аматериалқәа рыла ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура. Уи иаҵанакуеит ашәҟәыҩҩы иҭаацәеи иареи рфотосахьақәа, рнапылаҩырақәа, иавтографқәа зқәу ашәҟәқәа. Гәынба иазгәеиҭеит ацәыргақәҵа ишаныԥшуа Аԥсны ииз, изызҳаз ашәҟәыҩҩы ирҿиаратә мҩа, иара убас аԥсуа жәлар ркультуреи, ртрадициақәеи, рҷыдарақәеи.Иара убасгьы иӡырган абиԥарақәа реимадара, ауаҩытәыҩсатә еинырра зыԥсоу, атрадициақәа пату рықәҵара аазырԥшуа асахьаҭыхыҩ Евгениа Ионова линсталлиациа "Аԥсуа сасдкылара атрадициақәа. Агәырӷьаратә еишәачара".Аԥсуа драматә театр цәыббра 30 рзы ақәаршыҩқәа раан аӡы аҵалеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит атеатр адиректор хада Хьыбла Мықәԥҳа. Аӡаҵалара мзыз хадас иаиуит атеатртә шҭаҿы ишьақәыргылоу асцена, уи амшын ахь ицо аӡырҩашқәа рымҩа акуеит. "Асеиԥш ҩынтә-хынтә иҟалахьеит. Аӡи аҳәынҵәеи атеатр аԥхасҭа ду арҭоит. Иԥхасҭахоит аҭӡамцқәа, адашьмақәа, аҩнымаҭәа", — ҳәа азгәалҭеит атеатр адиректор хада.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0a/01/1066078596_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_ed5a17fe1969da2fddab4d3af8aa0d27.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио