Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Маланиаԥҳа ҵыԥхи сынтәеи жьҭаарамзазы аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара еиҿлырԥшит

Маланиаԥҳа ҵыԥхи сынтәеи жьҭаарамзазы аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара еиҿлырԥшит
Анапаҵаҩра
Жьҭаарамзазы зегь раасҭа аԥсшьараз иалырхуаз аҭыԥқәа рсиаҿы Аԥсны ахәбатәи аҭыԥ шааннакылоз ибыжьшәеит иҟалаз ахьшәашәарақәа ирыхҟьаны. Абри атәы аанацҳаит Урыстәыла атуроператорцәа Рассоциациа. Аҭыԥантәи атуроператорцәа ргәаанагарала, аҿаҵарақәа лаҟәит ахьшәашәарақәа ҟалаанӡа, убри аҟынтә амш аҭагылазаашьа иадҳәалаӡам. Иахьазы аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара зеиԥшроу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит атуристтә фирма "Аԥсуа Тур" аиҳабы Елизавета Маланиаԥҳа.
"Аныҟәарақәа рганахьала Аҟәеи Афон ҽыци аус ҳуеит. Атрансфер атәы ҳҳәозар, Ԥсоу инаркны Очамчыранӡа аус ҳуеит. Аныҟәарақәа рганахьала сентиабр 15 нахыс иазгәаҳҭеит ауаа рхыԥхьаӡара иаҳа ишмаҷхаз. Атрансфер акәзар, Гагра, Пицунда, Гәдоуҭаҟа иаауаз рхыԥхьаӡара иагымхаӡеит, амала уахь аныҟәарақәа рыдаҳгалаӡом азы уи аганахьала аҭагылазаашьа шыҟоу сызҳәаӡом. Рхыԥхьаӡара аиҵахара (аԥсшьаҩцәа - азгә.) - уи амш ахьыцәгьоу иахҟьеит ҳәа узҳәаӡом, иҟалап амшын иаҳа иахьыхьшәашәахо иахҟьазаргьы. Иҟоуп адунеи аҿы аҭагылазаашьа зеиԥшроу иахҟьаны арахь аара, аҳәаа ахысра иацәшәогьы. Ҳазҭоу амза атәы ҳҳәозар, аҭагылазаашьа иаҳа еиӷьхазшәа ҳбоит, аха амш, ишаҳбо еиԥш, аҽеиҭанакуеит. Макьана аԥсшьаҩцәа маҷхеит, мамзаргьы ирацәоуп ҳәа ҳазҳәаӡом. Ари амза анынҵәалак ашьҭахь ҭагалан зеиԥшроу атәы ҳҳәар ауеит. Атрансфер акәзар, ҵыԥх аасҭа еиҳауп аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара, аха аныҟәарақәа уажәазы иԥсыҽуп", - лҳәеит Маланиаԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, ҵыԥхи сынтәеи цәыббрамзазы аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара еиԥшуп, ҵыԥхцәа иаҳа еиҳан.
Маланиаԥҳа лгәаанагарала, ауаа рфинанстә ҭагылазаашьеи адунеи аҟны иахьҭынчрами ԥсшьара иаауа рхыԥхьаӡара ианыԥшуеит. Ус шакәугьы, лара иазгәалҭеит сынтәа аԥсшьара аамҭа ибзианы имҩаԥысуеит ҳәа.
"Уажәы амшқәа цәгьамхар, иадҵаало рхыԥхьаӡара маҷым, ҵыԥх еицәамхап ҳәа сгәы иаанагоит. Амшын дҭамлозаргьы, уажәы иаауа аԥсшьаҩы иаамҭа ахьихигаша, иԥсы ахьишьаша аҭыԥқәа реизырҳара ҳазхәыцроуп", - ҳәа азгәалҭеит Маланиаԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0