Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҷанба: аклассикатә музыка ада иахьатәи аҳәынҭқарра шьақәгылаӡом, ма абна ҳалалароуп

Ҷанба: аклассикатә музыка ада иахьатәи аҳәынҭқарра шьақәгылаӡом, ма абна ҳалалароуп
Анапаҵаҩра
Иналукааша амузыкантцәеи Аԥсны аҳәынҭқарратә хортә капеллеи аконцертқәа еицымҩаԥыргалоит Аԥсуа драматә театр асценаҟны. Ахшыҩҵак шцәырҵыз, аклассикатә музыка аԥхьатәи аконцертқәа ашықәсан шаҟа азгәаҭоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны Жәлар рартист, Аҳәынҭқарратә хортә капелла адирижиор Нодар Ҷанба.
"Аибашьра ҟалаанӡа имаҷымкәа ҳаицықәгылахьан адунеи аҟны еицырдыруа, иреиӷьу ҳәа иԥхьаӡоу авиолончель, апианино, ауарӷанарҳәаҩы Александр Книазеви ҳареи. Есышықәса аконцертқәа ҳаман Пицундатәи ауахәамаҟны. Еицырдыруа амузыкатә шедеврқәа рарҳәаразы аранжировка ҟасҵеит авиолончель асолои акапеллеи рзы, уи азыӡырыҩцәа ираҳар ҟалоит. Иара убасгьы Аԥсны раԥхьаӡа акәны пианистк иаҳасабала дықәгылоит Александр Книазев. Насгьы ауарӷан аирҳәоит (жьҭаара 13 рзы - азгә.) Пицундатәи ауахәамаҟны", - иҳәеит Ҷанба.
Иара иазгәеиҭеит Книазев иналукааша амузыкант шиакәу. Ҷанба иҳәеит адунеи аҟны еицырдыруа амузыкантцәа Аԥсныҟа иааԥхьаны Аҳәынҭқарратә капеллеи дареи реицықәгылара аиҿкааразы ахшыҩҵак имоуижьҭеи акырҵуан ҳәа. Ас еиԥш аимадара аԥсуа музыкантцәа рзгьы ибзиоуп ҳәа азгәеиҭоит Аҳәынҭқарратә хортә капелла адирижиор хада.
"Ас еиԥш амузыкантцәа дуқәа рыцықәгылара асценаҟны, хымԥада, апрофессионалтә ҩаӡара иазнарҳауеит", - иҳәеит Ҷанба.
Иара иазгәеиҭеит даара ибзиахон ашықәсан ас еиԥш аконцертқәа ԥшьбаҟа рымҩаԥгара алыршахар ҳәа.
"Аклассикатә музыка ада иахьатәи аҳәынҭқарра шьақәгылаӡом, ма абна ҳалалароуп. Абна ҳанылҵ, аклассикатә музыка, аклассикатә литература, асахьаҭыхра, акультура ҟалароуп. Уи ада ԥсыхәа ыҟаӡам. Аклассикатә музыка ауаҩы ҩнуҵҟала деиҿнакаауеит. Ажәытә бырзенцәа рҿы амузыка аԥхьатәи маҭәарны иҟан, избанзар амузыкатә шьҭыбжьқәа гармониала деиҿнакаауеит, хәшәтәыгасгьы иахьыҟоу рацәоуп аҳәынҭқаррақәа", - иҳәеит Ҷанба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0