Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа имҩаԥысит "Аԥсни" ФК "10" рыбжьара ашьапылампылтә шоу-еиндаҭлара

© Sputnik / Томас ТхайцукФутбольный шоу-матч между ФК "10" и "Апсны" начался в Сухуме
Футбольный шоу-матч между ФК 10 и Апсны начался в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.10.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 14 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Урыстәылатәи Амедиалига ФК "10" акоманда "Аԥсни" рыбжьара ашьапылампылтә еицлабра мҩаԥысит Аҟәа астадион "Динамо" аҟны.
Ашьапылампыл абзиабаҩцәа ахәмарра збарц иааз, амра ахьымнеиуаз астадион мраҭашәаратәи аган дҭырҭәааит.
Акоманда ФК "10" апрезидент - еицырдыруа урыстәылатәи алафҳәаҩ Азамаҭ Мусагалиев. Иара иҳәеит акоманды КВН "Аԥснынтәи Нарҭаа" алахәылацәеи иареи аҩызара шрыбжьоугьы Аԥсны раԥхьаӡа акәны дшааз.
"Даара сгәы хыҭхыҭуа сазыԥшын дара рԥылара ("Аԥснынтәи Нарҭаа"- азгә.) Еснагь ара шәгәылара Шәача ҳаауан, араанӡа ҳаартә изыҟамлеит зныкгьы. Иахьа ҳара ара ҳаҟоуп, иахьа ныҳәа дууп, еиҳарак ҳара ҳзы. Ҳара ашьапылампыл даара бзиа иаабоит, иаҳдыруеит араҟагь бзиа ишыжәбо, сгәыӷуеит астадион шәырҭәып ҳәа", - иҳәеит Мусагалиев Sputnik аинтервиу аҭо.
ФК "10" аилазаараҿ иҟоуп иреиҳау ахәмаррақәа рыҟны зҟазара аазырԥшхьоу ахәмарҩцәа Александр Сапета, Игор Киреев.
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны ашьапылампылтә хәмарра аинформациатә дгылара анаҭоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0