Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ареспубликахь иаагоуп ахәыҷқәа рзы аԥсуа шәҟәқәа хнызқь цыра

© Sputnik / Илона ХварцкияДетские книги.
Детские книги. - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.10.2023
Анапаҵаҩра
Аԥыза-министр Александр Анқәаб Абызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы Гәында Кәыҵниаԥҳаи Аусбарҭа аспециалист хада Гәында Сақаниаԥҳаи идикылеит ахәаша, жьҭаара 13 рзы.
АҞӘА, жьҭаара 14 - Sputnik. Аԥсныҟа иаагоуп х-нызқь цыра ашәҟә ҿыцқәа ԥшьба. Дара рызкуп аԥсуа бызшәа зҵо хышықәса инаркны жәа-шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа. Абри атәы лҳәеит Абызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы Гәында Кәыҵниаԥҳа аԥыза-министр Александр Анқәаб иԥылараан. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.
Иара убасгьы ареспубликахь иааргеит 3500 цыра лабҿабатәи ацхыраагӡақәа.
Кәыҵниаԥҳа лажәақәа рыла, шықәсыбжак ицоз ацхыраагӡа аиқәыршәараз аусурақәа ирылахәын афилологцәа, асахьаҭыхыҩцәа, аметодистцәа. Ашәҟәқәа реиҳарак рзеихшахоит араионқәа рышколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи.
Гәында Кәыҵниаԥҳа илҳәеит, Аиҳабыра русеилыргара аԥсышәала аҭыжьраз аусурақәа ишырҿу, ашықәс нҵәаанӡа 11 мультфильм еиҭаган ишҭыҵуа.
Аиԥылараҟны иара убасгьы иалацәажәеит аусбарҭа 2024 шықәсазтәи аусмҩаԥгатәқәа руснагӡеи, аԥсышәала ахәыҷтәы сахьаркыратә литературеи аԥсуа литературеи рҭыжьра алыршара.
Ажәабжьқәа зегьы
0